Борис Ашәба "ишьхақәа рыкәашара"

© Фото : предоставлено Борисом Ашуба"Рица", Холст/масло, 50х70, 2018 г.
Рица, Холст/масло, 50х70, 2018 г. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы асахьаҭыхҩы Борис Ашәба хаҭалатәи исахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Москва ақалақь, цәыббрамза 24 инаркны жьҭаарамза 12-нӡа. Аекспозициа еиднакылоит шәкы инарзынаԥшуа аусумҭақәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Сара саныхәыҷыз сани саби еснагь ақыҭарахь срышьҭуан сандуи сабдуи рахь Џьгьардаҟа. Сабду Елызбар Ашәба, даара иҟәыӷаз ахара иԥшуаз уаҩын. Иара ихылҵуаз аҳалалреи, ақьиареи, абзиабареи, иҭаацәара ду зегьы ирызхон. Имаҭацәеи урҭ ирхылҵызи мацара усҟан 52-ҩык ҳаҟан, уижьҭеи ԥшӡала, уааԥсырала акыр ҳаизҳахьеит. Уакәын иахьыҟаз абаҳчара, ашҭа ҭбаа, иахьеизҳауаз ашымҳа, иахьгоз агәырӷьа ччабжьы… Абарҭқәа зегьы сҭыхымҭақәа ирсимволхеит", — абас ҳаицәажәара ахы ыҵнахит Борис Ашәбеи сареи.

Борис Ашәба, иара убасгьы дазгәыдууп, ахааназгьы хашҭра изақәым иабду Елызбар ихымҩаԥгара, аԥсҭазаараҿы уи иара изы дҿырԥшыганы даанхоит.

"Сабду ауаа бзиа ибон, дырзааигәан, рықәнага идыруан, пату рықәиҵон. Ажәа мыцхәы иҳәомызт, иблақәа ԥхаррак рхыубаалон еснагь. Иара иқәранҵыра ду аҭҵааратә усумҭақәа маҷымкәа иазыркхьан аҵарауаа. Ашьҭамҭа ӷәӷәа аанижьит. Даара ихарҭәааз, доуҳала ибеиаз аԥсҭазаара ду ниҵит сабду. Иргылаз аҩн ду иахьа ҳаиднакылоит зегьы", — ихәыҷра шықәсқәа ҳацеиҩишон Борис.

1981 шықәсазы Борис Ашәба даара ибзиаӡаны Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи Ашьхарыуаа рышкол далгеит. Иара убас, Аҟәатәи асахьаҭыхратә школ даушьҭымҭоуп. 1982 шықәсазы ААУ аекономикатә факультет дҭалоит, диплом ҟаԥшьылагь далгоит. Анаҩс, 1990 шықәсазы Москва ақалақь аҿы Асоциал-Политикатә ҭҵаарақәа ринститут (ИСПИ РАН) аспирантура дахыԥхьаӡалахоит.

"1993 шықәсазы аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рзы акандидаттә диссертациа сыхьчеит "Миграция населения в Абхазии, ее факторы и последствия" атемала. Уаҟа иаарԥшын асоциал-политикатә, аекономикатә мзызқәа Аԥсны аибашьра иҭазыргылаз. Уи еиднакылоз ахадаратә хәҭақәа ҭыжьын Аҟәеи Москвеи. Хымԥада, ақырҭуа ҵарауаа уи агәынамӡара рызцәырнагеит, исықәыӷәӷәарцгьы иалагеит", — ҳәа азгәеиҭоит Борис Ашәба.

Зыԥсҭазаареи зырҿиаратә мҩеи акырӡа ихарҭәаау Борис Ашәба, еснагь иҿыцу аартрақәа дрышьҭоуп. Дхәыҷаахыс дызнылаз иабду имҩахәасҭа дшаныц дануп, уи иацу адоуҳеи, излахарҭәаау аԥсуара агәыцәи есааира еиҳау акахьы дхаргалоит.

"Аамҭаказы, Аԥсны Ахада Владислав Арӡынба идҵала Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә программа апроект аус адызулон. Анаҩс, аус зуан Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы наукатә усзуҩыс, иара убри аамҭазы ААУ аекономикатә факультет адекан ихаҭыԥуаҩыс сыҟан, алекциақәа срыԥхьон ҩ-хырхарҭак рыла: "Основы коммерческой деятельности", "Экономика народонаселения", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны
Џьниа: хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара асахьаҭыхҩы инаҭо рацәоуп

Борис Ашәба, аҭҵаара аус еснагь бзиа ибаны инапы алакын, иара убас ауниверситет аԥсҭазаара агәҭа далагылан, Аԥсны аҿар Реидгыла аԥҵара аус аҿы акыр илагала рацәоуп. 1997 шықәса инаркны иҭҵааратә усура иациҵеит Москва, Урыстәыла аҭҵаарақәа ракадемиа иатәу Асоциал-политикатә ҭҵаарақәа ринститут аҟны наукатә усзуҩуп. 1998 шықәса инаркы иахьа уажәраанӡа абанктә сфераҿы аус иуеит.

Борис Ашәба иусуратә аамҭа иҽахаршәаланы, иҭаацәагьы иаргьы Москва иҟоу аԥсуа диаспора рыԥсҭазаара активла иалахәуп. Ҩыџьа ахшара драбуп, Саиди Даринеи. Иҷкәын Афинанстә Академиа далгеит, иԥҳа МГИМО аҵара лҵоит, Аԥсуа студентцәа реидгыла напхгара алҭоит.

Иазгәаҭатәуп, Борис иабду Елызбар еиԥш, акыр иуникалтәу аӡә шиакәу. Аԥсабара инаҭаз абаҩхатәрақәа маҷым. Ганрацәала еиларсуп иара ирҿиаратә мҩа. Хымԥада, урҭ ирылумкаарц залшом Анцәа иҟынтә имоу асахьаҭыхра абаҩхатәра, урҭ акыр ибеиоуп, ииашаҵәҟьаны ҳжәытә-ҳҿатә аамҭа ирҿахәҳәагоуп.

"Еиуеиԥшым ажанрқәа схы иасырхәоит, схатәык сыԥшаарц сҭахуп азы. Асахьақәа ус баша акәымкәа, гәыла-ԥсыла исҭахны иҭысхуеит. Асахьаҭыхра сара сыԥсҭазаара иахәҭакуп", — иҳәоит Борис Ашәба ирҿиара далацәажәауа.

Иара иусумҭақәа иҩуеит ахәша, акрил, апастель рыла. Иҟазара абзиабҩцәа мариала рхыхра илиршеит. Избанзар иусумҭақәа аԥсы рхоуп, аԥсуа ԥсабара иалаӡҩоуп, ҳажәлар рхьаа аныԥшуеит, ргәырӷьара рыцеиҩнашоит, рҟәышра рхы-рҿы ианубаалоит, аԥсуа иҩныҵҟатәи адунеи шьахәла ацәыргара иҽақәиршәеит аҟаза. 

Борис Ашәба хаҭалатәи исахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысуеит Москва ақалақь аҿы цәыббрамза 24 инаркны жьҭаарамза 12-нӡа.

"Ашьхақәа рыкәашара" — абас ахьӡуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз Аиааира 25 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаԥысраны иҟоу сцәыргақәҵа. Аекспозициа еиднакылоит шәкы инарзынаԥшуа сусумҭақәа-анатиурмортқәа, апортреҭқәа, еиуеиԥшым асиужетқәа еидызкыло асахьақәа, иара убас иҟоуп аибашьра атема зныԥшуа аусумҭақәа", — ҳәа азгәеиҭоит Борис Ашәба.

Аҵарауаҩ, асахьаҭыхҩы Борис Ашәба излазгәеиҭо ала, 1992 шықәса инаркны шәыгак инапахьы иааимгацызт, ҭагалан 2015 шықәса инаркны дазыхынҳәит бзиа иибоз, иԥсы зыҿҳәараз изаанаҭ — аҿыханҵеи, аграфикеи.

© Foto / предоставлено Борисом Ашуба"Быль минувших времен в моей памяти вечно живет..." (Д. Гулиа "Мой очаг"), Этюд, акрил/пастель, 2018 г.
Быль минувших времен в моей памяти вечно живет... (Д. Гулиа Мой очаг), Этюд, акрил/пастель, 2018 г. - Sputnik Аҧсны
"Быль минувших времен в моей памяти вечно живет..." (Д. Гулиа "Мой очаг"), Этюд, акрил/пастель, 2018 г.

Аԥсҭазаара иамоу аԥшӡара аԥсы ахазҵо, ҵара-дыррала иазнеиуа, Аԥсны анҭыҵ ҳкультура ӡырызго, уи зырҿиаз ажәлар закәу доуҳатә беиароу ирымоу, рыԥсадгьыл рыԥсы шаҿҳәароу, фырхаҵарыла уи ахьчара шрылдыршаз шьахәла аарԥшра зылшаз ауаҩ хатәра, аҟаза, аҵарауаҩ Борис Ашәба изеиӷьаҳшьап иҿымцәаауа арҿиаратә гәазыҳәара, агәамч, аизҳазыӷьара.

Ажәабжьқәа зегьы
0