"Аиааираз" амедал роуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз зегьы

© Sputnik Бадрак Авидзба Торжественное собрание ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов
Торжественное собрание ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада "Аиааираз" амедал рнапаҿы ириҭеит Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Мушьни Хәарцкиа, Владимир Аршба, Гиви Агрба рҭаацәа.

АҞӘА, цәыббра 25– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аиааира амш 25-шықәса ахыҵра иазкыз аветеранцәа реизара "Иаиааиз реизара" мҩаԥысит Аҟәа, цәыббра 25 рзы.

Гагра - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит

Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵәыџьба иҳәеит Аиааира 25-шықәса ахыҵра аламҭалаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа зегьы ари аныҳәа шрыдныҳәалахо.

"Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа, аиқәырхаҩцәа зегьы патриотцәоуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра ҳажәлар рзы иԥышәагахеит: ауадаҩреи, агәаҟреи, арыцҳареи, аиааиреи ираамҭахеит. Аминистрцәа реилазаараҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭара афырхацәа рџьабаа ахәшьара аҭароуп иаанаго", — иҳәеит Ҵәыџьба.

Еизаз аветеранцәа рҿаԥхьа дықәгылеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара иазгәеиҭеит аибашьра аан еиԥш уи ашьҭахьтәи аамҭазгьы Аԥсны иахнагаз шырацәоу.

"Ихьыԥшым аԥсуа ҳәынҭқарра 25-шықәса ахыҵуеит. Арҭ ашықәсқәа рыла ҳара ҳанысит амҩа уадаҩ. Иара убри аан зныкгьы ҳгәы иҭамшәеит иҳамоу мап ацәкра. Ҳҿаԥхьа иқәгылаз ахықәкқәа рынагӡараз ақәԥара иалнаршеит 2008 шықәса рзы Урыстәылатәи афедерациа Аԥсны ихьыԥшыму ҳәынҭқаррак аҳасабала аззхаҵара", — иҳәеит иара.

Аибашьра адәаҿы зегь ҳаӡәыкын, избанза иҳаман хықәкык – аӷа ииааира иҳәоит атәыла ахада.

Президент Абхазии Рауль Хаджимба на пленарном заседании на Международной конференции 10 лет признания: итоги и перспективы в Сухуме в среду 22 августа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаџьымба: Аиааира згаз ажәлар еиҟәшазар ҟалаӡом

"Аԥсадгьыл хьчатәын, ихьчатәын ҳауацәа-ҳҭынхацәа, ихьчатәын аԥсуа жәлар. Аиааира ҳалшеит, избанзар ҳиашара агәра аагон. Аибашьраҿ ҳажәлар реиԥш иҳавагылаз ҳашьцәагьы иаадырԥшит иреиӷьӡаз ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа: афырхаҵара, агәымшәара, аԥсадгьыл ахь абзиабара, ауаҩра" ҳәа иҳәоит иара.

Раԥхьаӡа акәны аибашьцәа иранашьахоит "Аиааираз" амедал. Иара шьаҭаркын 1992 шықәса ԥхынҷкәын 4 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет ақәҵарала.

""Аиааираз" амедал ("За Победу") аибашьра ахаҭа иалагылаз ауаа реиԥш атыл аусзуҩцәагьы иранашьахо медалуп ҳәа иазыԥхьагәаҭан аханатә аха анормативтә база аус ахьадуламыз иахҟьаны иахьа уажәраанӡа амедал аӡәгьы ианашьамхацызт", — иҳәеит атәыла ахада.

Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аиааира 25-шықәса ахыҵра аламҭалазы ари агха риашатәны ишазырыԥхьаӡаз.

"Иахьа ҳара амедал ранаҳшьоит зыԥсҭазаара иалҵхьоу, Ҳиааира зыхәҭаа ду алоу ауаа" — иҳәеит иара.

© Sputnik / Бадрак Авидзба Атәыла ахада "Аиааираз" амедал рнапаҿы ириҭеит Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Мушьни Хәарцкиа, Владимир Аршба, Гиви Агрба рҭаацәа.
Торжественное собрание ветеранов Отечественной войны народа Абхазии 1992-1993 годов - Sputnik Аҧсны
1/4
Атәыла ахада "Аиааираз" амедал рнапаҿы ириҭеит Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Мушьни Хәарцкиа, Владимир Аршба, Гиви Агрба рҭаацәа.
© Sputnik Бадрак Авидзба Атәыла ахада "Аиааираз" амедал рнапаҿы ириҭеит Владислав Арӡынба, Сергеи Багаԥшь, Сулҭан Сосналиев, Сергеи Дбар, Мушьни Хәарцкиа, Владимир Аршба, Гиви Агрба рҭаацәа.

2/4

3/4

4/4

"Аиааираз" амедал роуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз зегьы. Аминистрцәа реилазаараҿ иаԥхьан абри аҳәынҭқарратә ҳамҭа рыԥсҭазаара ианалҵ ашьҭахь изанашьахаз рыхьыӡқәа.

Аиҿкаара "Аԥсны анацәа асоциалтә иашаразы" ахантәаҩы гули Кьычԥҳа аибашьра аветеранцәа дрыдныҳәалеит.

"Аибашьра иаҳцәагеит х-нызқь инареиҳаны аибашьцәеи хә-нызқь рҟынӡа аҭынч уааԥсыреи рыԥсҭазаарақәа. Ари ҳажәлар ргеноцид ауп иаанаго. Аибашьра иккаӡа иаанарԥшит Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рфырхаҵара, рпатриотизмра. Ҳиааира ашьапаҿы игылан ифырԥҳәысхаз аԥсуа анацәа. Уи изныкымкәа иазгәеиҭахьан Владислав Григори-иԥа", — ҳәа лҳәеит лара.

Реиҳа аԥсадгьыл азы иуадаҩыз аамҭақәа рзы аԥҳәыс, ан иаалырԥшуеит афырԥҳәысра, агәыӷәӷәара, аҟәыӷара ҳәа азгәалҭеит лара.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 300-ҩык рҟынӡа аҳәса. Урҭ рҟынтәи 240-ҩык аорденқәеи амедалқәеи ранашьоуп, 16-ҩык Аԥсны афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳарак иаԥсахеит, 62 –Леон иорден рымоуп, 168 – "Агәымшәараз" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0