Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоуп аҽаҩра аныҳәа

© Sputnik / Илона ХварцкияПраздник урожая на поляне Лыхнашта
Праздник урожая на поляне Лыхнашта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоу аҽаҩра аныҳәа иалахәхоит заалыҵ ӡырызго Гәдоуҭа араион ақыҭақәа 22.

АҞӘА, жьҭаара 9 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Амҽыша, жьҭаара 14 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоуп аҽаҩра аныҳәа ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Лыхны ақыҭа ахада Џьансыхә Чкотуа.

Сынтәа хынтәуп Лыхнашҭа абри аныҳәа мҩаԥыргоижьҭеи. Сынтәа имҩаԥысраны иҟоу аҽаҩра аныҳәа иалахәхоит заалыҵ ӡырызго Гәдоуҭа араион ақыҭақәа 22. Уаанӡеиԥш аныҳәахь инаԥхьоуп еиуеиԥшым анаплакқәа, анхацәа.

"Ҳара акультуратә уснагӡатә ҽазҵәылхрыла ҳҽазыҟаҳҵоит. Ақыҭанхамҩатә аалыҵ ацәыргақәҵа еиҿкаахоит. Иҟалоит аҽырыҩра, аҽырхәмарра, аконцерт. Аныҳәа иаҭаараны иҟоуп Аԥсны ажәлар, ахадара, атәыла асасцәа. Ҵыԥх аасҭа сынтәа атуристцәа шырацәахо атәы аҳәоит атурфирмақәа рнапхгаҩцәа аҭел иахьаҳзасуа, аныҳәа аҟалара иахьазҵаауа", — иҳәеит иара.

Ақыҭа ахада иазгәеиҭеит Лыхнашҭа асасцәа гәыкала ишаднакыло, урҭ зегьы аԥсуа сасдкылара шырныруа.

Лыхны –Аԥсны иреиҳаӡоу ақыҭақәа иреиоуп. Араҟа ираҳҭынран аԥсуа аҳцәа, диит еицырдыруа аҳәынҭқарратә усзуҩ Нестор Лакоба, араҟа анышә дамадоуп Кавказ аҵарауаҩ ду Гьаргь Ӡиӡариа. Лыхнашҭа – аҭоурыхтә ҵакы змоу ҭыԥуп, ажәлар рлахьынҵа ахьырыӡбо, аизара дуқәа ахьымҩаԥысуа.

Ашәаҳәара, ахәмарра, аҽырыҩра: Лыхнашҭа аныҳәа шымҩаԥысыз - Sputnik Аҧсны
Ашәаҳәара, ахәмарра, аҽырыҩра: Лыхнашҭа аныҳәа шымҩаԥысыз

Ҽаҩраҭагалан аҽаҩра барақьаҭ ианыҳәоуп. Абри аамҭазы анхаҩцәа шамахамзар адәы иқәыргоит раарыхымҭа, иҭарҭәоит аҩы. Лыхнашҭа аҽаҩра аныҳәа азгәарҭо иалагеит асовет аамҭақәа раан.

Ари амш аҽны аҽыбӷаҟазаҩцәа еиндаҭлоит рҟазараҿы, ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбльқәа рхатә программала иқәгылоит. Афатә акәзар, асасцәа рыла ишабо иҟарҵоит. Асеиԥш иҟоу аныҳәа ажәытәра иагахьоу аҵасқәа, ақьабызқәа, ахәмаррақәа, акәашарақәа, ашәақәа аҿыц ԥсҭазаара рнаҭоит".

Амҽыша, жьҭаара 14 рзы Лыхнашҭа имҩаԥысраны иҟоуп аҽаҩра аныҳәа иалахәхоит Гәдоуҭа араион ақыҭақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0