IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа

© Sputnik / Томас ТхайцукIX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме
IX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 12 — Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥсны аҳәынҭинвестмаҵзура еиҿнакааз ацәыргақәҵа аатит IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

© Sputnik / Томас ТхайцукIX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме
IX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
IX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме

 

Аԥснытәи анаплакыҩцәа ҩыџьа: аҩызауад "Аԥсныҩи" ахшаалыҵ зауад "Амзареи" раалыҵ ӡырыргеит афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аԥсны аҳәынҭинвестмаҵзура астендқәеи аекрани рҿы иубар алшоит аиҿкаара аусура атәы. Иара убасгьы рыстендқәа цәырыргеит абанкқәа: "Аԥсны-банки" "Амра- банки".

Заур Шалашава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьалашьаа еиҭеиҳәеит Аԥсны имҩаԥысран иҟоу аусуратә форум заҭаху

"Амра банк" имҩаԥнаго амаҵзурақәа дрылацәажәеит аекономика аминистрраҿы аҳәынҭинвестпрограмма адиректор инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба.

IX Аԥсны-Урыстәылатәи аусутә форум аатит Аҟәа жьҭаара 12 рзы. Ауснагӡатә иаҭаауеит Нхыҵ Кавказ аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Игор Кошин зхадараҿы дыҟоу Урыстәыла аделегациа, Урыстәыла афедерациа Ахеилак алахәылацәа, ДЖәР, ЛЖәР рекономика аминистрцәа, Ермантәылеи Сингапури рбизнесуаа.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩхоит ақыҭанхамҩа, амшынтәи атранспорттәи еимадара рзы аиқәышаҳаҭрақәа иара убасгьы акриптоиндустриаҿ иналукааша аилахәырақәа руак аиқәшаҳаҭра апроект анапы аҵанаҩуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукIX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме
IX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме - Sputnik Аҧсны
IX Абхазо-российский деловой форум в Сухуме

2018 шықәсазтәи аусутә форум аҿы имҩаԥгахоит астол гьыжь –аинформациатә технологиақәеи аинновацақәеи ртема иазку.

Афорум еиҿыркааит Аԥсны аекономика аминистрреи Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрреи.

Ажәабжьқәа зегьы
0