"Ахьтәы ҭагалан-2018" аҟны Аԥсны иагеит 11 хьтәы медал

© Фото : Алексей СтефановАгропромышленная выставка "Золотая осень 2018"
Агропромышленная выставка Золотая осень 2018 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" мҩаԥысуан Москва ақалақь, жьҭаара 10-13 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik. Урыстәылатәи агро-ааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" сынтәа аҩажәантә раан имҩаԥысуан, даарагьы амҽхак ҭбаан. Аԥсны астенд акәзар, ари ацәыргақәҵа иалахәуижьҭеи быжь-шықәса раахыс сынтәа зегь реиҳа иблахкыган — иҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Премьер-министр РФ Д. Медведев на открытии 20-й агропромышленной выставки «Золотая осень» - Sputnik Аҧсны
Агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" аатит Москва

"Уи зыбзоуроугьы, сынтәа 22 наплакы ари ацәыргақәҵа рхы ахьаладырхәыз азоуп, егьырҭ ашықәсқәа ирыҿҳарԥшуазар — ари ахыԥхьаӡара макьана зегьы иреиҳауп. Аноминациақәа рахь иқәыргылан 24 бренд. Ҳтәыла атриумф агеит уҳәар ауеит, избанзар, зынӡа иҳауит 21 ҳамҭа, урҭ рахьтә 11 — хьтәы медалқәоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Барцыц. 

Х-брендк ироуит араӡны, даҽа хәба — аџьаз иаԥсахеит. Ахьы зауқәаз иреиуоуп анаплакы "Абхазвино", Аҟәатәи ауараштә зауад, хаҭалатәи анаплакцәагьы ахьы иаԥсахеит, иара убас анаплакы "Абхазпродукт", "Аҟәатәи ахш зауад".

ацәыргақәҵа аус ахьынӡауаз уи иаҭааит ҩышә-нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Ацәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан" амҽхак даара ишыҭбаазгьы, Аԥсны астенд егьырҭ ирылаӡуамызт, аҭааҩцәа еснагь ирацәан, урыстәылатәи аџьырмыкьа Аԥсны аалыҵ аахәара иазыхиоуп ҳәа иажәа хиркәшеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Ажәабжьқәа зегьы
0