"Абжьыуаа" Пиатигорск имҩаԥысуаз афестиваль аҿы аԥыжәара агеит

© Фото : Facebook/Элита КакалияАнсамбль "Абжьыуаа" на Международном фестивале талантов и даровании "Богатство России" в Пятигорске
Ансамбль Абжьыуаа на Международном фестивале талантов и даровании Богатство России в Пятигорске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Очамчыратәи ахәыҷтәы ансамбль "Абжьыуаа" афестиваль-конкурс "Богатство России" аҿы иқәгылеит. Афестиваль мҩаԥысит Пиатигорск, абҵара 3 рзы.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Гран-при, актәии аҩбатәии аҭыԥқәа еиуеԥшым аноминациақәа рҿы иранашьахеит ансамбль "Абжьыуаа" акәашацәа, афестиваль-конкурс "Богатство России" аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аконкурс ажиури алахәыла Елита Какалиаԥҳа.

"Ҳакәашацәа х- номинациак ирылахәын. Дара цәырҵит аԥсуа кәашарала. Уи азы аҩбатәи аҭыԥ роуит. Ашьхарыуаа рыкәашара акәзар напеинҟьарыла мацара имҩаԥыргеит ахәаԥшцәа. Уи азы ауп Гран-при зранашьахаз. аубыхцәа рыкәашараз актәи аҭыԥ ргеит", — ҳәа еиҭалҳәоит Какалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит афестиваль ишалахәыз зыҩаӡара ҳаракыз ансамбльқәа 60. Ус шакәызгьы Аԥснытәи ансамбль қәҿиара ҳаракыла иқәгылеит.

Акәашаҩ Даниил Хәырхәмал иҳаиҳәеит ақәгылара аламҭалаз даара агәыхыҭхыҭра шимаз, аха азал акәашацәа бзиаӡаны ишрыдыркылаз.

"Аԥснытәи ансамбль "Абжьыуаа" ықәгылоит анырҳәа ахәаԥшыҩцәа напеинҟьарыла азал ҩндырҭәааит. Уи даара агәахәара ҳнаҭеит", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы "Абжьыуаа" Ессентуктәи ансамбль "Дружба народов" алахәылацәеи дареи еиҩызцәахеит.

Ансамбль "Абжьыуаа" 80-ҩык рҟынӡа акәашаҩцәа алахәуп. Мчыбжьык ахь ԥшьынтә аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0