"Марыхә" Санкт-Петербургтәи афестиваль аҿы аиааира агеит

© Фото : предоставлено Хаджаратом ШамбаАнсамбль «Марух» на фестивале в Санкт-Петербурге
Ансамбль «Марух» на фестивале в Санкт-Петербурге - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XV-тәи жәларбжьаратәи ахәыҷтәы фестиваль-еицлабра "Без границ" мҩаԥысит Санкт-Петербург, абҵара 4 — 6 рзы.

АҞӘА, абҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәылрыԥшьтәи ахәыҷтәы ансамбль "Марыхә" Санкт-Петербургтәи афестиваль "Без границ", аҿы аиааира агеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Лери Адлеиба.

"Ҳара аԥсуа кәашарала ҳақәгылеит аноминациа "Народный танец" аҿы, I-тәи аҩаӡара алауреатра ҳауит, иҳанаршьеит аҳаҭыртә шәҟәы "За сохранение народных традиций", — ҳәа еиҭеиҳәоит Адлеиба.

Иара иазгәеиҭеит аноминациа "Народный танец" ишалахәыз 20 рҟынӡа ансамбльқәа.

"Марыхә", зеилазаараҿы 26-ҩык акәашацәа ыҟоу уаанӡагьы ари афестиваль иалахәхахьан. 2013 шықәса рызгьы актәи аҭыԥ ныркылахьан. Адлеиба иҳәеит ансамбль Санкт-Петербург еснагь адкылара бзиа шамоу.

Афестиваль алахәылацәа рзы еиҿкаан ақалақь аҭыԥ ԥшӡаррақәа рахь аныҟәарақәа. Ансамбль "Марыхә" аԥҵан 2008 шықәса рзы, Гәылрыԥшь араион Акультура аҩнаҿы.

© Фото : предоставлено Хаджаратом ШамбаАнсамбль "Марух"
Ансамбль Марух - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Марух"
Ажәабжьқәа зегьы
0