Амҩатә машәырқәа жьҭаарамзазтәи рыстатистика

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдых туристов в Абхазии
Отдых туристов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит аофициалтә дыррақәа рыла, 2018 шықәса жьҭаарамзазы амҩатә машәырқәа еилагоуп ҳәа 4629 ҳәахьанҵа мҩаԥган, урҭ рҟынтәи 259 - амашьына аԥсҟы арыжәтә ыжәны акразы.

Sputnik

Жьҭаарамзазы арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳахеит. Цәыббрамзазы ҩышәҩык иреиҳамзар, уажәы иаанкылаз 259-ҩык ыҟоуп. Аҳәахьанҵақәа рзеиԥшхыԥхьаӡара 16% рыла ишьҭыҵит.

Абри амзазы Аҟәа ақалақь аҿы иаанкылан 85-ҩык амашьынарныҟәаҩцәа. Аҟәа иашьҭанеиуеит Гәдоуҭа, нас Гагра.

Аҟәа араион аҿы акәзаргьы уаанӡа амза аҩныҵҟа арыжәтә ыжәны амашьына иақәтәоз рхыԥхьаӡара жәаҩык имнаӡозар, уажәы жәаҩаҩык аанкылан. Тҟәарчали Гали араионқәа удыргәырӷьартә иҟан. Уа иаанкылан хҩык; хәҩык.

Иџьоушьаша, арыжәтә ыжәны аԥсҟы зку рықәрақәа урыхәаԥшуазар, урҭ 50 шықәса иреиҳау роуп. Цәыббрамзазы шамахамзар иааныркылоз 35 — 40 шықәса зхыҵуаз ракәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0