"Амшынеиқәафымцамч" Очамчыратәи авариа амзыз иалацәажәеит

© Sputnik / Artem Kreminsky"Амшынеиқәафымцамч" Очамчыратәи авариа амзыз иалацәажәеит
Амшынеиқәафымцамч Очамчыратәи авариа амзыз иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 13 ауха ԥшь-сааҭк инарзынаԥшуа Аԥсны араионқәа фымцалашарада иҟан, афымцатә цәаҳәа "Очамчыра 220"аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны.

АҞӘА, абҵара 14 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Авариа ҟалеит афымцатә цәаҳәақәа "Очамчыра 220" Араду ақыҭаҿ иахьыԥҵәаз иахҟьаны ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзураҿы.

Фымцалашарада иаанхеит Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа зегьи ацентртә раионқәеи.

"Авариа ҟалеит ацәаҳәақәа ахьанҭара ирықәлаз иахырҟьаны. Уи заа иазыԥхьагәоуҭо иҟам", - ҳәа рҳәеит аилахәыраҿы.

Аенергетикцәа оперативла иҟалаз аԥыхра нап адыркит. Авариатә бригадақәа аҭагылазаашьа аҭыԥ иқәырҵаразы хә-сааҭк инарзынаԥшуа аус руан, аха шьаҭанкыла зегь рҭыԥ иқәҵахеит абҵара 14 ашььыжьымҭан.

Инал Лазба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Лазба: алашаразы аԥара аныумшәа ицәароуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам

"Аҷаԥшьаратә мчқәа зегьы аус напаларкит. Аҭыԥ аҿы аус руан 15-ҩык аусуҩцәа. Урҭ рыдагьы ацәаҳәақәа гәазҭоз адиспечерцәеи агәыԥқәеи. Авариа ахьыҟалаз днеиит "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада, аусурақәа напхгара риҭон анџьныр хада", - ҳәа азгәарҭеит апресс-маҵзураҿы.

Аилахәыраҿы ирҳәеит азыԥхьагәаҭаратә усурақәа шымҩаԥырго аха шьаҭанкыла аремонт аҟаҵара анаплакы иамоу аԥара шазымхо.

"Ауааԥсыра аԥара рылгара акыр иуадаҩуп. Асеиԥш аҭагылазаашьаан аусурақәа мҽхакыҭбаала рымҩаԥгара залшом", - рҳәеит аилахәыраҿ.

Абҵара 13 ауха ԥшь-сааҭк инарзынаԥшуа Аԥсны араионқәа фымцалашарада иҟан, афымцатә цәаҳәа "Очамчыра 220"аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0