Сымҽырбоз, аҭаҭын ҿысхуан сзымҳәеит: Аԥсны иҭыхыз афильм азы гәалашәарак

© Foto / Грузинская Студия ТелефильмовЛюдмила Алшунба
Людмила Алшунба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изныкымкәагьы еиуеиԥшым астудиақәа иҭырххьеит ҳтәыла иазку адокументалтә фильмқәа, убас жанр рацәала акиноқәа, асериалқәа уҳәа рзы ахазхҭысқәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Зегьы ибзианы иаадыруеит, Асовет аамҭақәа раан, иара уажәгьы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа ишхырхуа аҳәаанырцәтәи акинорежиссиорцәа. Изныкымкәагьы еиуеиԥшым астудиақәа иҭырххьеит ҳтәыла иазку адокументалтә фильмқәа, убас жанр рацәала акиноқәа, асериалқәа уҳәа рзы ахазхҭысқәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп "Синие зайцы", "Бархатный сезон", "Белый башлык", "Черная чайка", "Зимний вечер в Гаграх", "Веселые ребята", "Пиры Валтасара", "Время счатливых находок" уҳәа ирацәаӡаны.

© Screenshot: Кинокомпания "Мосфильм" 1934Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
1/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
© Screenshot / Мосфильм 1969Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
2/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
3/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
© Screenshot: Ленфильм 1980Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
4/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
5/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
© Screenshot: Ленфильм 1984Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәаэля.  - Sputnik Аҧсны
6/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
© Screenshot: Киностудия имени М. Горького 1989Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
7/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
© Screenshot: Мосфильм 1992Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа - Sputnik Аҧсны
8/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
1/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
2/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
3/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
4/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
5/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
6/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
7/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа
8/8
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ареспубликаҟны иҭыхыз афильмқәа

Мызқәак раԥхьа сҽазысшәеит, Гагра араион иҭырххьаз фильмқәак рҟны ахазхҭысқәа ирылахәыз аӡәыр дысзыԥшаар срыҿцәажәарц. Аиашазы, ана-ара сахьымҵааз ыҟам, иҟоуп аӡәык-ҩыџьакгьы мап сцәызкызгьы.

- Саида, Facebook аартны, Гал-Инфо агәыԥ иҭагалоу, Аԥсны иазку ажәытә видео бахәаԥш ирласны, ажәохәтәи аминуҭ аҟны ҩыџьа аӡӷабцәа ббоит, иазусҭцәоу бдыруазар", - ҳәа иацы саҳәшьа Оксана Задеԥҳа аҭел дысзасит.

Аинтерес кны, сыццакуа аинтернет аасыртызар, абар ассир. Қарҭтәи ателефильмқәа рыстудиа 1977 шықәсазы, Иван Ҭарба исценариала иҭыхаз ҳтәыла абзазара иазку "Абхазия" захьӡу адокументалтә фильм ажәохәтәи аминуҭ аҟны избеит Бзыԥҭа аколнхараҟны аҭаҭын шҿырхуаз сан Лиудмила Алшәындԥҳаи, саншьа иԥшәмаԥҳәыс Зоиа Ҵәыџьԥҳаи. Усҟан сан илхыҵуан 19 шықәса, Зоиа 25. Исҳәара, изура сзымдыруа, сшанханы сыштәаз, смобилтә ҭел абжьы геит.

- Нас, иахыбҳәаауеи? Машәыршақә исымбеи, иаразнакгьы рыччаԥшь ала издырит, - ҳәа Оксана егьи ацәаҳәантәи лцәажәабжь геит.

- Ассир сбырбеит, акыргьы бсыцхрааит, иҭабуп сҳәан, ажәак лҿыҵшәаанӡа сыццакуа атрубка нықәысҵеит.

-Аџьашьатәы ҟалеит, акино аҿы зыҽҭысххьаз ауаҩы дсымԥшааи, уи сан лоуп! Абас сгәырӷьара ҵҩа амамызт, акы сан дқәыԥшны дахьызбаз, ҩба аматериал ахьысԥшааз.

Аҩны саннеи, ҳзынҭаацәаз уи адокументалтә фильм ҳахәаԥшит, џьара ҳаччеит, ҭыԥқәак рҟны ҳалахь еиқәылеит.

- Нас, Лиудмила сӡырҩуеит, ҳәа алаф лылхуа аҭыхрақәа рахь лнеира шыҟалаз атәы сазҵаауа салагеит.

Съемки. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны акиноҭыԥқәа рышьҭрала

"Уи аҽны, шьыбжьышьҭахь аусурантәи сшааиуаз, аҩны ашҭа сҭалаанӡа, сҭаца Зоиа дыҩуа дысԥылеит, балга аколнхарахь иҳаԥхьеит, акино ҭырхуеит ҳәа. Азнык азы сҽеиҭаскргьы сҭаххеит, сыцк ҿыц аарыцҳасшьеит, аха аамҭа ҳамамызт. Еизаз зегьы ҳааихыршан, амхы ҳхырҵеит. Сара акасы мап ацәыскит, ателевизор ала сырбар, сырдырар исхыччоит ҳәа иԥхьаӡаны. Иара усгьы адокументалтә фильм аекран ахь ианцәырҵ сызбақәаз ҟалеит, аха сара сакәӡамызт, шәҩашьеит ҳәа расҳәеит. Усҟан 19 шықәса ракәын исхыҵуаз, сымҽырбоз, амхы схын ҳәа сзымҳәеит", - дахлафаауа илгәалашәеит сан.

- Баныԥхашьоз бызхацеи ҳәа санлазҵаа, мап скыр гәыбӷан сырҭон, лҳәеит.

- Аиашазы, арҭ акадрқәа еиқәхеит ҳәа сыҟамызт, уи аахижьҭеи 41 шықәса ҵит, - ҳәа азгәалҭоит Лиудмила.

P.S

Аҭыхрақәа раан сан дзыхӡыӡаауаз аҵкы ҿыц акалҭа аҭаҭын иашәын, маҷк илыркьаҿыр акәхеит. Лшьаргәацәқәа аазырԥшыз аҵкы анылшәылҵа аҽны ауп саби лареи анеибадыр…

Ажәабжьқәа зегьы
0