Лили Ҳагԥҳа: абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, – мамзар иаангылоит

© Sputnikапрофессор Лили Ҳагԥҳа
апрофессор Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, ианҿио – мамзар иаангылоит. Ҳара иахьа ҳхыԥхьаӡарагь рацәам, иҟоугьы зегьы аԥсышәала ицәажәом абри ауп ашәарҭара цәырызго, абас агәаанагара лымоуп абызшәадырыҩ, апрофессор Лили Ҳагԥҳа.

Sputnik

Рыцҳарас иҟалаз ҳара Анцәа Ду ԥсуажәларны ҳшаны адунеи ҳананиҵаз иҳанаишьаз ҳбызшәа – ҳаԥсшәа урҭ рахь иахырыԥхьаӡалоит. Ари ақәшаҳаҭхара мариам, аха аԥсшәа ахархәараҿы иҟоу ауадаҩрақәа ашәарҭара ицәырыго зегьы еицырдыруеит. Уи ашьаҭа уаҳауеижьҭеи акыр ҵуеит, аха уамашәа иубаша ҳаԥсадгьыл ахы ианақәиҭха иара амҽхак еиҳагьы иҭбаахо иалагеит.

Аԥсуа алфавит. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа алфавит аҽшаԥсахуаз

Ари ҳара етноск аҳасабала аҟазаареи аҟамзаареи ҳрыбжьанаргылоит.

Хыԥхьаӡарала ирацәам ажәларқәа рбызшәақәа аиаӡаара амҩа иануп ҳәа агәаанагара змоу аҵарауаа рацәаҩуп.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аԥсуа бызшәадагь хыԥхьаӡарала имаҷу амилаҭ рбызшәақәа аиаӡаарахь рхы хоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи аӡәы-ҩыџьа мацара ракәым изгәаанагароу, адунеи зегьы аҟны урҭ апроблемақәа ҭызҵаауа еицырзеиԥшу гәаанагароуп. Раԥхьа иргыланы уи зыдҳәалоу абри абызшәа ныҟәызго амилаҭ рхыԥхьаӡароуп. Ус иԥхьаӡоуп, амилаҭ рхыԥхьаӡара шәнызқьҩык иреиҳамзар урҭ рбызшәа ашәарҭа иҭагылоуп ҳәа. Убри ахыԥхьаӡарахь ҳаргьы ҳаҵанакуеит. Ус иҟалар ҳҭахым, аха ашәарҭа ыҟоуп ҳәарада. Иақәнагоу аусқәа мҩаԥаҳгар уи ашәарҭа хәыҷык инаскьаҳгоит.

Амилаҭ рхыԥхьаӡара маҷзаргьы рбызшәа акыраамҭа еиқәханы аҿиара аиуны ианыҟало ыҟоуп. Ус иҟалоит ҳәа ҳақәгәыӷны иахьа аԥсуа бызшәа иақәнагоу ахархәара аҳамҭар ҳара ҳхала ашәарҭа иҭаҳаргылоит. Ҳара ҳаԥсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәазар, аҳәынҭқарратә бызшәа иныҟәнаго афункциақәа зегьы ныҟәнаго иҟаҳҵароуп.

Абызшәадырҩцәа ирҳәоит иарбан бызшәазаалак аиқәхара, аҿиаразын зегь раԥхьа игылоуп иара зтәу ажәлар рхыԥхьаӡара ҳәа. Амала иҟоуп ахҭысқәа амилаҭқәа рхыԥхьаӡара анмаҷу, аха рбызшәа ҿиоит ахархәара ишахәҭоу иамоуп, ԥхьаҟа ицоит. Ари зыхҟьо аилкаара мариам. Аԥсуаагь хыԥхьаӡарала мыцхәы ирацәамызт, аха аԥсшәа иахьа уажәраанӡа еиқәдырхеит. Избанзар уи есымша Аԥсны ахи аҵыхәеи инарҳәцааны ахархәара аман. Абызшәа аԥсы ҭоуп – ахархәара анамоу, ианҿио – мамзар иаангылоит. Ҳара иахьа ҳхыԥхьаӡарагь рацәам, иҟоугьы зегьы аԥсышәала ицәажәом абри ауп ашәарҭара цәырызго.

Ҳара ҳҟны ҳхыԥхьаӡаргь рацәаӡам, иҟоугьы зегьы аԥсышәала ицәажәаӡом. Аԥсышәала изымцәажәо еиуеиԥшым амзызқәа амоуп. Мзызс иамоу зегь раԥхьа иргыланы иахьаҭахыу ахархәара ахьамам ауп ҳа ҳбызшәа. Уажәы ҿырԥшыс иаагозар: аԥсуа қыҭаҿы аизара аԥсышәала имҩаԥысит. Ақыҭа еизараҿы ицәажәо зегьы ԥсышәала ицәажәон иаԥсуаан иаҳҳәап, аизараҿ излацәажәо азҵаарақәа аӡә дтәаны урысбызшәала ианҵаны араион ахадарахь ишьҭуеит, араион ахада нас Аԥсны аиҳабыра рахь иааишьҭуеит – убриаҟара ауадаҩра заҭахуи? Убри аҟаҵара уамак џьабаа дук амаӡам ус ами?

Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәа адырра иунаҭо алшарақәа

Ԥсышәала имҩаԥысуа ԥсышәала ианҵазар ԥсышәала иахьаҭаху ишьҭызар ами. Қәҵарала ишьҭыхны абас ҟамлар ада ԥсыхәа амам, ҳәа убри иазыԥшызаргьы ҟалоит. Убыс ауп акакала ишеицыло. Иаҳҳәап аԥсуа ҭаацәараҟны ахәыҷы аԥсышәала ишиацәажәалатәу ани аби идырҵатәума. Уажәшьҭа изырҵатәхо ҟалеит избанда дара аныхәыҷқәаз уи апроблема шыҟаз уи апроблема иалиааит. Шаҟаҩы ирҭахны ирымдыруаны иҟоуи абыржәы. Шаҟаҩы ахьхәны иҟоуи ҳаныхәыҷыз ианахәҭаз аԥсшәа ҳадмырҵеит ҳәа иҳамдыруеи, аҵара зҳарҵо дыҟоуп, иҳауоу дыҟоуп иаҳҭынхоу дыҟоуп. Ипроблеман нас ишрызцәырҵуа иазхәыцыр аҿар рацәаҩуп уажәы, игәнызго даара ирацәаҩуп. Ианаамҭаз аиҳабацәа иақәнагаз ахылаԥшра арымҭеит абызшәарҵара. Ара ицәырҵуа азҵаарақәа рацәоуп. Аҩны ирҵаны нас агәарԥ данынҭыҵлакь ихала аҩызцәа ақәлацәа анирҳалак иидыруагьы анихашҭуа ыҟоуп, избанзар дзыднагало ирзымдыруазар мамзар издыруа маҷзар нас ишԥа иԥсыхәо? Ари азҵаара аԥсуаа зегьы ируалуп. Нас уа ахәыҷбаҳчақәа рызҵаара цәырҵуеит. Аԥсны ахы аҵыхәа ахәыҷбаҳчақәа, ианаму аԥсуа хәыҷбаҳчақәа рҿы аус хәыҷык ицәгьамкәа иҟоуп, аха егьырахь аԥсшәа рдыруама ахәыҷбаҳчахь ианнарго ааӡаҩ абызшәа дырҵара акәӡам уалс илыду. Уа лара лыпрограмма лымоуп. Абызшәа рдыруан инаргозароуп.

Джордж Хьюитт (George Hewitt) - британский кавказовед, профессор Школы восточных и африканских исследований Лондонского университета. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Хьиуитт: абызшәа аӡра амҩа ианымларц азы мҩак амоуп - уи аԥсышәала ацәажәара

Зегьы абызшәа дырны инаргар ааӡаҩ иусгьы маншәалахоит. Нас ашьҭахь ашкол ахь ҳандәықәлар, ашколқәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьақәа уигь зегьы еицаадыруоуп. Нас зегьреиҳа иаҳԥырхагоуп ҳәа сгәы иаанагоит иззымдыруагь реилартәара ахәыҷбаҳчаҿ аума, ашкол аҿы аума. Уи аҩыза агәаанагара ыҟоуп зынӡа еилаҳгар ани зынӡа иззымдыруа ишизымдыруа дынхоит ҳәа. Аха урҭ рзыҳәангьы даҽа программак ыҟазароуп. Са исыздыруам убыс аҭагылазаашьа иззымдыруа еиҳа ирацәаҩны, издыруа еиҳа имаҷны нас абызшәа аиқәырхара иахәоны. Абри абас-абас иҟан, иҭибагеит зегьы еицеиԥшны аԥсшәа бзианы иҟалеит ҳәа сара Аԥсны ахы аҵыхәа макьана исмаҳаӡац. Маҷк здыруагьы ишнеи-шнеиуа рдыррақәагь маҷхоит избанзар ахәыҷқәа анеицәажәо ианеидтәало, ианеицыхәмаруа акласс аҿоума, ашкол анҭыҵ аума аурысшәахь иианагоит. Сара хаҭала издыруа ахәыҷқәа ыҟоуп ашкол ахь ицаанӡа еиҳа аԥсшәа зҳәоз нас хәыҷы-хәыҷла аурыс бызшәахь ииасыз.

Аԥсны ақалақьқәа зегьы рҟны ахархәара змоу аԥсшәа шакәым ҿыц ара иааиз дарабанзаалак иаразнак еиликаауеит. Аԥсышәала ицәажәогьы имцәажәогьы рахьынтә аԥсшәа иахҭысуа иазхәыцуа рацәаҩымзар ҟалап. Уи моу шьоукы-шьуокы еиужьны аԥсышәала ацәажәара ҳалагар аҩбатәи абызшәа ҳхы иаҳархәо апроблема аиуеит ҳәа ашәарагь рымоуп.

Аруыс бызшәа Аԥсны ашәарҭара иҭагылаӡам. Избанзар ашкол аҟны арҵара шымҩаԥысуа, аиҳабыратәи аклассқәа рҟны зегьы еицырдыруа акоуп. Алагарҭатә аҟны ҳәара аҭахума, нас Анцәа иџьшьаны аԥсышәала аҵара рҵоит, аха нас иаразнак амаҭәарқәа зегьы аурыс бызшәахь ианаислак, нас алагарҭатә классқәа рҿы изхысызгьы рзымхо, абызшәа ԥсыҽхо иалагоит. Сара сгәы излаанаго ала ашкол аҟны ареформа ҟаҵатәуп. Уи иаразнак шьаҭанкыла аԥсахра уадаҩуп, аха хәыҷы-хәыҷла. Егьырҭ зегьы иаразнак ахатәы бызшәахь иузиамгаргьы сара ибзианы издыруеит еиҭаганы иҟоу амаҭәарқәа зда ԥсыхәа ыҟам: аԥсабараҵара, агеографиа аума, аботаникоума, Аԥсны аҭоурых аума, абарҭ ԥсышәала дырҵарахьы ҳмиасыр ада ԥсыхәа амамкәа абас иҟоуп.

Аԥсуа школ ҳҭахызар иҟаҳҵарц уажәы ҳара иҳамоу аԥсуа школ ахьӡӡам уи зегьы иаҳдыруеит. Аурыс бызшәа апроблема Аԥсны иҟаӡам, ааигәа сигәагь иҟалараны иҟаӡам. Избанзар ашколқәа рҟны аҵара зларҵо хадаратәла излацәажәо бызшәоуп. Ашколқәа рҟны 80% иароуп иҟоу, убриа аҟынтәи уи ашәарҭа амаӡам. Ашәарҭа иҭагылоу ҳа ҳбызшәоуп. Аха уи иаанагаӡом ҳа ҳбызшәа ҳазхьаԥшуа ҳалагар аурыс бызшәа гәыгәҭажьхоит ҳәа уи зынӡа ацәшәара аҭахӡам. Ари аҟара акомпиутертә технологиақәа иҟоу ҳҿар зегьы уи ибзианы рхы иадырхәоит. Уа ираҳауагьы зегьы урысбызшәалоуп ишроуа шәааи ҳаазхәыцып, иахьа ашьыжь инаркны уаха хәлаанӡа иҳаҳауа аинформациа иарбан бызшәоу излаҳаҳауа. Нас иарбан шәарҭоу аурыс бызшәа зҭагылоу. Уи аҩыза ашәарҭа ыҟаӡам.

Аԥсуа бызшәа ҳҳәынҭқарраҿы ишахәҭоу ахархәара ахьамам иалацәажәоижьҭеи, ари азҵаара шьҭырхуеижьҭеи акры ҵуеит, аха аԥсшәа зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа иазҳауеит, иагхаӡом. Ус анакәха апроблема иахьынӡахәҭоу инҭырҳәцааны аус ҳзадымулац, иаҳзымыӡбац ҳәа ауп иаанаго. Ари ԥсыхәа ҭамзар ҳахькылнаго еилкаауп.

Абызшәа аиқәырхара ԥсыхәас иамоу ҳәа сара сгәы иаанаго зегь раԥхьа иргыланы аԥсуа бызшәа зхатәы бызшәоу амилаҭ рхыԥхьаӡара мҩас иҟоу зегьы ахархәара рыҭаны еизырҳатәуп. Егьи Аҳәынҭқарраҿы Аҳәынҭқарратә бызшәа иауалу, иныҟәнагараны иҟоу, уснагӡатәқәас иҟоу зыда ԥсыхәа амамкәа иҟоу зегьы аԥсышәала имҩаԥысыртә иҟаҵатәуп. Асумҩаԥгара Аԥсны ахы аҵыхәа иахьынӡазалшо иаҳҳәар нас иалшаӡом ҳәа ҳаангылоит. Уи акырынтә ус ҳахьхьеит.

Хаџьараҭ Ҳашымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьараҭ Ҳашымба: ажәлар рдоуҳатә культураҿы ихадароу акоуп абызшәа

Ҳҵеицәа иреиӷьу рыԥсы ахҭынҵо уажәраанӡа иааҳгаз ҳаԥсабара, ҳаԥсадгьыл, ҳбызшәа абарҭ зегьы еидҳәалоуп. Зегь ируалу ҟарҵар ҳҭагылазаашьа ҽнакала зегьы арыӷьарахь изиасӡом, аха хәыҷы-хәыҷла еиҳа ақәҿиарақәа шҳауа, абызшәа аиқәырхаразгьы еиҳа алшарақәа шҳауа агәра ганы сыҟоуп. Убри ада ԥсыхәа ҳамам ҳәа абри ажәлар зегьы еилыркаар, нас агәра ганы сыҟоуп еиӷьу ақәҿиарақәа шҳауа. Аха иахьа излаҟоу ала ус џьоукы ргәы иаанагар ҟалоит ақыҭақәа аҭацәра иаҿуп, ақалақьқәа рҟны еиҳа аҭагылазаашьа бзиа ыҟоуп анхаразын, уахь аԥсуаа ииасуа иалагеит,уа абызшәа ашәарҭа иҭагылоуп раԥхьаӡа иргыланы. Аха хәыҷы-хәыҷла ақыҭа ҭацәуа ианалага нахыс уаҟагьы абызшәа ашәарҭа иҭагылоит, азхәыцыр сҭахыуп. Избанзар ахәыҷқәа ақыҭа иахьазааигәоу ақалақьқәа рахь иҭарҵо иалагеит. Уи иаанаго хәыҷы-хәыҷла ақыҭа иалиааз ахәыҷы ақалақьтә ԥсҭазаара днаган дналаургылар хәыҷы-хәыҷла ақыҭаҿы иаҳаз иибаз зегьы ихамшҭыргьы ԥыҭк ихашҭуеит, ихы иаимырхәо далагоит. Ари алексикон захьӡу иара ижәар, иара дызлацәажәоз, дызлахәыцуаз хәыҷы-хәыла ихьысҳахо иалагоит уи ахарҭәаара цәгьоуп. Убри зегьы абызшәа иалԥсаауеит иаҟәыԥсаауеит – абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳамоуп абыржәы.

Иҟоуп даҽа ҭагылазаашьакгьы – имаҷым аԥсшәа бзианы издыруа ауаагьы. Аха рус аҿы ианцәажәо аума, аизара анымҩаԥырго аума аԥсшәа рхы иадырхәаӡом. Шьцылароума, ахдырроума изыхҟьозаалак ари агангьы аҭыԥ амоуп.

Апарламент адепутат Алмас Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Џьапуа: абызшәа азакәан анагӡараз иҟаҵатәу рацәоуп

Раԥхьа иргыланы ахдырра еизырҳатәуп. Дарбан аԥсуазаалак иԥсадгьыл ахьчара гәҭакыс имазар, наунагӡа ԥырхага ҳамамкәа ҳаҿиар иҭахызар, иара ихаҭагьы инапы ахьынӡахо иахьабалак абызшәа аиқәырхара дазхәыцуазароуп. Абызшәа аиқәырхареи аԥсадгьыл аиқәырхареи ари акоуп. Абызшәа еиқәҳмырхар ҳара ҳаԥсадгьыл ҳахьӡ ахны, аԥсуа бызшәа зҳәо амилаҭ ҟалеит азоуп, ҳаԥсадгьыл Аԥсны ахьӡны изыҟоу. Убри зегьы еилыркаароуп, ахдырра аԥхьа игылоуп ҳәараҭахума. Аԥсны аԥсуа ихьӡ ахызар абри Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны аԥсуа бызшәа аҳәынҭқарратә бызшәа инанагӡараны иауалу афункциақәа зегьы нанагӡо иҟаҵатәуп. Убри ахымгакәа иҟаҵатәуп, мамзар ҳбызшәа аҿаҟәара, алшарақәа рырмаҷра, ҳбызшәа шиаӡаауа ҳбоит ҳаргьы убри ҳацхраауеит ҳәа ауп иаанаго. Убыс иҟамларц азын ҳәынҭқарратә бызшәазар, ишҳәынҭқарратә бызшәоу агәра ганы ҳаҟазар, шәҟәыла закәанла ишьҭыхны иҟазар убри аҳәынҭқарратә бызшәа аҳасабала аус ауыртә еиԥш иҟаҳҵароуп, уи ада ԥсыхәа ыҟаӡам.

Ажәлар зегьы рбызшәа ишахәҭоу рхы ианадмырхәо иара абызшәа ахаҭагьы ҩныҵҟала ихьысҳахо, имҿио иалагоит. Апассивтә лексика еиҳахоит. Аха макьана аԥсшәаҿы Анцәа иџьшьарала апоссивтә лексика аасҭа активтә лексика ахархәара амоуп.

Иахьа ҳазлаҟоу ала иацҳамҵар хәыҷы-хәыҷла аханатә аахыс ахархәара змаз ажәақәа апассивтә лексикахь ииасуеит. Абызшәадырраҿы убри аҩыза аилкаара ыҟоуп активтә лексикеи апассивтә лексикеи ҳәа. Уажә макьана Анцәа иџьшьаны ахархәара амоуп активтә лексика. Ахадаратә лексика активтә нханы иҟоуп, аха даараӡа ирацәаны ҳара ара абызшәа знапы алаку ауаа излагәаҳҭо ала активтә лексика нханы ишыҟоугьы даара ирацәаны ҳгәаҳҽанымкәа ахархәара зцәыӡыз ажәақәа ыҟоуп.

Аԥсуа бызшәа арҿиара афонд иҭнажьыз ашәҟәқәа - Sputnik Аҧсны
Ҩаԥхьа абызшәа апроблемахь: аԥсшәа ахьысҳахара ашьаҭа абаки?

Аԥсуа бызшәа абыржә ҳазхәыцуа ҳалагар ҳара ҳаицәажәараҿы, ауаа реицәажәараҿы ҳазыӡырҩуа ҳазҿлымҳахо ҳалагар ҳара иаҳбарҭоуп аԥхьаӡара хьыӡқәа даҽа бызшәак ала аҳәара ҳшалагаз. Уи иаанаго урҭгьы аӡрахь рхы ҳархеит ҳәа ауп. Ҳара иалкааны иҳамоуп иарбан хырхарҭоу иарбан сфероу еиҳа аӡра иалагахьоу. Имаҷӡам аӡрахь зхы зырхахьоу аԥсуа бызшәа алексика иатәу, убри аҟынтәи агәҽанызаара зегьы иҳамазароуп.

Иахьа аԥсуаа зегьы ируалуп аԥсуа бызшәа аиқәырхара. Уи иаанаго – абызшәа ҩныҵҟала ԥсабарала иамоу амчхара – аҭагылазаашьа маншәала азаԥҵаразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп ҳәа ауп.

Зегь реиҳа ижәытәӡоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоу, азқьышықәсақәа рымаӡа згәыҵаҵәахны измоу ҳбызшәа аиқәырхарагь, уаҵәтәи аԥеиԥшгьы ҳнапы иануп. Ари аҭакзыԥхықәра ду иҳаду аҵыхәанынӡа инаҳагӡароуп – етноск аҳасабала ҳаиқәхарц, ҳԥеиԥш лашахарц ҳҭахызар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0