Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра аратификациа азухоит

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияФлаги Сирии и Абхазии
Флаги Сирии и Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар Реизара Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз азакәан апроект иахәаԥшраны иҟоуп аԥшьаша, ԥхынҷкәын 6 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 – Sputnik. Аԥсны жәлар Реизара Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз азакәан апроект иахәаԥшраны иҟоуп аԥшьаша, ԥхынҷкәын 6 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩуп - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩуп

Кәарҷиа иажәақәа рыла, адепутатцәа ахәаԥшраны иҟоуп "Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аратификациаз" азакәан апроект.

"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит асеиԥш аҭоурых ду змоу атәыла анырра, аус ацура. Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит. Аизыҟазаашьа бзиақәа ҳамоуп. Ирацәоуп ҳара иаҳзеиԥшу аҭагылазаашьақәа. Адокумент аратификациа азухоит. Адепутатцәа зегьы уи хра аманы ирбоит", — иҳәеит Кәарҷиа.

Аԥсны ахадеи Шьамтәыла ахадеи цәыббра 4 рзы рнапы аҵарҩит Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Лаҵарамза 29, 2018 шықәса рзы Шьамтәылатәи Арабтә республика иазханаҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспубликеи рхьыԥшымра.

Ажәабжьқәа зегьы
0