Анаркотикқәа рзы Аԥсны атәылауаҩ иус ӡбоуп

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПолиция. Архивное фото.
Полиция. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ҳәаа анаркотикқәа анахигоз иааныркылаз Аԥсны атәылауаҩ иус рыӡбеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 — Sputnik. Адлертәи араионтә ӡбарҭаҿ иус рыӡбеит 32-шықәса зхыҵуаз Аԥсны атәылауаҩ. Аҳәынҭқарратә ҳәаа анаркотикқәа –0,65 грамм N-метилефедрон, ахьахигоз азы иааныркылаз ауаҩы хәышықәса аҭакра иқәырҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Оглашение приговора Никите Тихонову - Sputnik Аҧсны
Анаркотикқәа зманы аҳәаа иахысуаз ахаҵа даанкылоуп

Аконтрабандист даанкылан жьҭаарамзазы.

Аԥсны атәылауаҩ анаркотикатә маҭәашьар амцаркыга (зажигалка- аред.) акорпус аҿы иҭаҵаны иҵәахит.

Аҳәаахьчаҩцәа рыԥшаах аексперт-криминалистикатә лабораториахь аекспертизаз инарышьҭит. Уа ишьақәыргылан аилаҳәара ишылаԥсаз анаркотик N-метилефедрон.

Аматериалқәа нашьҭын Шәача ақалақь ашьаусҭҵаарҭахь. Анаркотикқәа контрабандала риагара аҽазышәараз аҳәаанырцә атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркын.

Абҵарамзазы Адлертәи араионтә усӡбарҭа ашьауӷа аднакылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0