Ахьтәы медалқәа жәохә: аԥснытәи абоксиорцәа Шәача қәҿиарала иқәгылеит

CC0 / / Бокс
Бокс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь ԥхынҷкәын 21 - 23 рзы имҩаԥысит абокс азы аиндаҭлара "Новогодний ринг".

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абокс азы Шәача ақалақь имҩаԥысуаз аиндаҭлара "Новогодний ринг" аҿы аԥснытәи аспортсменцәа ахьтәы медалқәа жәохәи араӡны медалқәа быжьбеи ранашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абокси, ақәԥареи, атлетика хьанҭеи рзы Ареспубликатә школ адиректор Альберт Карди-оӷлы.

Боксерские перчатки на стене - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи аспортсмен Урыстәылантәи араӡны медал ааигеит

"Аиндаҭлара "Новогодний ринг" есышықәса имҩаԥысуеит. Иара иалахәуп аҿар реиԥш адуқәагьы, ақәратә категориақәа зегьы. Аиндаҭларахь иааит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи аспортсменцәа, аиҳаракгьы Краснодартәи атәылаҿацәи Ростовтәи аобласти рҟынтәи", — иҳәеит иара.

Атурнир аихшьаалақәа рыла, актәи аҭыԥ ныркылеит: Сабри Џьанба (16 шықәса – 66 килограмм) Лаша Акаба (16 шықәса – 75 килограмм) Георги Гогохьиа (12 шықәса – 52 килограмм), Ашот Џьидариан (12 шықәса – 57 килограмм).

"Аиндаҭларақәа 2019 шықәса рзы Краснодар имҩаԥысраны иҟоу атурнир ахь алхратә уснагӡатәын", — иҳәеит Карди-оӷлы.

Иара иажәақәа рыла, аԥсуа боксиорцәа атурнир аҿы ишьахәны иқәгылеит.

"Ҳара даара ҳаигәырӷьеит ҳҿар рықәгылашьа", — иҳәеит Альберт Карди-оӷлы.

Абокс азы Шәача ақалақь имҩаԥысуаз аиндаҭлара "Новогодний ринг" ԥхынҷкәын 23 рзы ихыркәшан.

Ажәабжьқәа зегьы
0