Амшцәгьа иахҟьаны Гәылрыԥшь араион ахәҭак фымца лашарада иаанхеит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛинии электропередач
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иқәлаз аԥшацәгьа иахҟьаны Баӷмаран ақыҭеи Каштак араиони рҟны афымца лашара ыцәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 4 — Sputnik. Ахәаша ахәылбыҽха иқәлаз аԥша ӷәӷәа амшала икаҳаз аҵла афымцатә цәаҳәа иақәҳан, ааха роуит афымцамч аазгоз ԥшь-цәаҳәак ҳәа адырра ҟанаҵеит "Амшынеиқәафымцамч" Facebook адаҟьаҿы.

Авариа ахьыҟалаз аҭыԥахь иаразнакала еихеит "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа,  уи адиректор хада Аслан Басариа дналаҵаны.

"Ихәлаанӡа ҩ-цәаҳәак рыбжьазаара еиҭашьақәҳаргылеит, аха амшгьы бааԥсын аҟынтә уаҳа аусуха ҳнамҭеит. Арахь иара ахьыҟалаз аҭыԥгьы ус ааигәа-сигәа унеиуа иманшәалам, аӡбаарақәа ыҟоуп, аусура ашәарҭара ацуп. Убри аҟнытә иҳаӡбеит уаҵәы ашьыжь асааҭ 7 рзы ҳусурақәа ирыцаҳҵарц", — иҳәеит Басариа.

Фымца лашарада иаанханы иҟоуп Гәылрыԥшь араион ахь иаҵанакуа Баӷмаран ақыҭеи Каштаки.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0