Алик Ажьиба: аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАлик Ажьиба
Алик Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Алаф зегьы ирнаалаӡом. Уи иазҟазоу, ишәаны-изаны идтәалоу гәаҭаны, аӡәгьы дламырҟәыкәа, ихы пату ақәҵаны, насгьы дахьыҟоу зеиԥшроу иашьашәалартә еиԥш алаф иҳәоит. Дшыхәыҷыз заб иҟнытә алаф заҳауаз, иахьа 600 рҟынӡа ажәытә лафқәа еидызкылахьоу, наҟ-наҟ хаз шәҟәны аҭыжьра згәы иҭоу Алик Шьарадын-иԥа Ажьиба иҳәеит аԥсҭазаараҿы алаф аҭыԥ амазароуп ҳәа.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Ауаа харада ахара рыдҵаны иандырӡуаз, Ажьи Шьарадынгьы ацәагьҳәаҩцәа даарыхҟьан, аҭакра иқәырҵеит.

— Аллаҳ иџьшьоуп ҳала дахьаԥырыргаз, ҳәа лҳәазаап усҟан игәылаԥҳәыс Нуниа.

Изаҳаз иааџьаршьан, "иҟалеи бара, цәгьарас ибзиуазеи, алаф ҳәо, акәыркәыр дыччо дҳалан, аӡәгьы игәы нимырхацызт", — ҳәа налаҭаркит.

Роман Сабуа. - Sputnik Аҧсны
Сабуа: алаф – ҳгәы казмыжьуаз, ҳаԥсҭазаарақәа еиқәзырхоз ак акәны иҟан

— Исҭаршынада, ақыҭсовет иахагылада?, — ҳәа ианҵаауаз, — Ажьи Шьарадын иоуп ахьырҳәоз акәзаараын лара лхы лхызхуаз. Уи нас илымхаҳәеит.

— Абар, саб ахақәиҭра иоуны Бармышь ақыҭа даалалеит.

"Аллаҳ иџьшьоуп Шьарадын уеибганы уахьааз", — ҳәа наиқәҿылҭеит, амҩан ииԥылаз Нуниа.

"Исзеилымкааит, санҭаркыз "Аллаҳ иџьшьоуп, ҳала дахьаԥырыргаз" бҳәеит, уажәы "Аллаҳ иџьшьоуп уеибганы уахьааз" бҳәоит. Цқьа еилыскаар сҭахуп, еиҳа бгәы ианахәаз", — ҳәа длазҵазаап лҟазшьа ҷыда здыруаз Шьарадын.

Абас, иаб ихҳәаау раԥхьатәи алаф ахы аацәыригеит, иахьа 78 шықәса ирҭагылоу Алик Ажьиба.

Алик Шьарадын-иԥа иԥсҭазаара абжеиҳан Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, еиуеиԥшым амаҵурақәа рҟны аус иуит, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет, аиуристтә факультет аҿы алекциқәа арыԥхьара еилагӡо. Изныкымкәа дахәҭакын Тамара Шьаҟрыл напхгара зылҭоз, Москва ЦК КПСС ахь аԥсуа жәлар рҿахәы зныз ашәҟәы агаразы иаԥҵаз акомиссиа. Ҩынтә амилаҭ хақәиҭратә қәԥара дахьалахәыз азы КГБ аусзуҩцәа ашәҟәы дҭаргалахьан.

Иахьа тәанчара иҟоу Алик Шьарадын-иԥа амоҭацәа рҿаԥхьа ароль ду наигӡоит. Аԥсҭазааратәии азанааҭтәии аԥышәа ду змоу абду, аҿар ирылаиааӡоит аԥсадгьыл абзиабара, ԥсыцқьарыла амаҵ аура.

Алик Ажьиба аҵыхәтәантәи ашықәс азы арҿиараҿы ихы ԥишәо далагеит, иагьиқәманшәалахеит. Иара иахьизҳаз Бармышь ақыҭан алафҳәаҩцәа рацәаҩӡан, иаб Шьарадын раԥхьа днаргыланы.

Аӡәгьы изы имаӡаӡам, иҳамаз алафқәа аамҭа иалаӡо ишалагаз, даҽакала иаҳҳәозар ажәытәра иагоит. Алик Шьарадын-иԥа иҩызцәа аҵарауаа рабжьгарала иӡбеит, игәынкыланы имаз аԥсуа лафқәа ақьаад ахь аиагара. Иахьазы 600 еидикылахьеит, уи аҿгьы аангылара игәы иҭам. Наҟ-наҟ, хаз шәҟәны аҭыжьрагьы дазхәыцуеит.

Адгәыр Ӡиӡариа: акарикатура – иҷыдоу алаф хкыуп

"Алаф аҭыԥ амазароуп ҳаԥсҭазаараҿы. Ианаамҭоу, иахьаҭыԥу иануҳәо ауп агьама анаҵало. Ажәытәан ҳабдуцәеи, ҳабацәеи рлаф ахшыҩҵак ҭбаан, иҵаулан, баша ауаа сырччоит ҳәа рҿы иааҭашәоз рҳәаӡомызт. Хымԥада иахьагьы иҟоуп алафҳәаҩцәа, аха уи знымаалогьы рацәаҩӡоуп. Алаф ала ауаҩы игәалаҟазаара шышьҭухо еиԥш, дагьубжьоит", — иҳәоит Алик Ажьиба.

Аԥсҭазаара аҟнытә Алика Ажьбиа лафк дазааҭгылеит: ҽнак зны, аҩызцәа еиидтәаланы еиицәажәон Аҟәа ҭыԥк аҟны. Уск аҵыхәала иара минуҭқәак иҩызцәаа даарылҵт, ус руаӡәык аиҭаҳәара далагеит, иара дахьҭаз Ростовтәи ауниверситет аиуристтә факультет аҿы истуденттә шықәсқәа раан аҵара иҵозшәа. Абар аргама амц шиҳәо илымҳа иҭасуеит. Ианизымчҳа, "уара, ауниверситет уҭан ҳәа уазҳәада" ҳәа иқәҿыиҭеит. Иаргьы еицәеитәыр ҳәа дшәан, имаҳазшәа ҟаҵаны, ҽакы далацәажәо далагеит. Ари ахҭыс, "Ауниверситет уҭан ҳәа уазҳәада" ахьӡхеит. Алик Ажьиба еидикыло алафқәа рхыԥхьаӡараҿы иҟалеит.

Алик Шьарадын-иԥеи сареи ҳахьынӡеидтәалаз, алаф хҭысқәа рацәаӡаны исзеиҭеиҳәеит. Урҭ рахьтә еиҳа сзырлахҿыхыз аколнхаҩы Катица илызкыз ауп.

— Саб Шьарадын сҭаршынс даныҟаз ауп. Катица хымшҟа аколхарахь дмааӡеит. Егьырҭ аҳәса аҽԥныҳәа ҟаҵара иалагеит "џьоукы рхы иоужьуп, ҳара ҳҵакны ҳрымоуп" ҳәа. Иаргьы иааицәымыӷхан, Катица лыӡбахә аилкааразы ауаҩы дишьҭит.

Адырҩаҽны, аацҳамҭа зауз аԥҳәыс ақыҭсовет ахь днеит.

— Бабаҟоу бара Катица, аколнхарахь ааира бзаҟәыҵзеи, ҳәа саб данҵаа, "Нан, Шьарадын, сгәы бзиамхазт, Калдахәараҟа сыҟан" — лҳәазаап.

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

— Бара, Калдахәара ахәшәырҭа ыҟаӡам, иҿыцны идыргылазар сыздыруам аха, аниҳәа, аҟәыдырԥаҩ лахь дшыҟаз аиаша цәырылгеит.

— Ибыхьуазеи нас, ҳәа даназҵаа, "беиқәшәам" ҳәа шлалҳәаз лыргамеит.

— Катица, бызгеи, баазгеи, бымҩақьыра иартәеи, аҟәыдырԥаҩ шаҟа лгеи ҳәа ҩаԥхьа азҵаарақәа ықәиргылеит Шьарадын. "Грузовои ала сцеит, сааит, анахь-арахь мааҭк-мааҭк сшәеит, аҟәыдырԥаҩ хә-мааҭк лгеит" — лҳәазаап.

— Ее, баашәит, Катица, аусура ныжьны, бхы аџьабаа рбаны, быжьмааҭк аԥара ныхны, Калдахәара аҟәыдырԥаҩ лахь бцеит. Иауеи, ақыҭсовет бзааигәан, ара бааизҭгьы, мала "бзеиқәшәам" саргьы ибасымҳәозеи", — ҳәа налаҭеикит саб.

Абас, ирацәаӡоуп иахьанӡа еиқәхаз, Ажьи Шьарадын илафтә хҭысқәа.

Алик Ажьиба иаб илафқәа реиԥш, ашәҟәы анҵара даҿуп ацәгьеи, абзиеи рҵыхәала дахьынҭыҵуа-ааҭыҵуа иаҳауа алафқәа. Ирацәаӡоуп иԥҳа лабхәа, Лӡаа ақыҭанхаҩы Иури Хышба иҳәамҭаны еидикылахьоугьы.

"Ҽнак чарак аҿы Иури Хышбеи сареи ҳшеидгылаз, ҳлафҳәашьа здыруаз аӡәы дҳазҵааит, "алафҳәараҿы шәыуа иаиааиуада" ҳәа. Иури "раԥхьа иалаго иоуп" иҳәеит. Ари аҭакгьы, ауаа арччеит. Абас ииуазароуп, ахшыҩҵак змоу алафқәа", — ҳәа азгәеиҭоит Алик Ажьиба.

Шьарадын Кьаӷәса-иԥа Ажьиба длафҳәаҩын, аха иҩнуҵҟа иҭаҵәахын имӷьоз ахьаагьы. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҟны дҭахоит иашьа Аруҭан. Шьарадын анемец фашист дахьынӡиҿагылаз, иԥшәмаԥҳәыс Шьака Гыд-иԥҳа Патхәариаԥҳа лхала илааӡон ԥшьык рыхшареи, еиҭымхаз лабхәанда ҩыџьа иԥҳацәеи, убас зҭаацәа ҭахаз ҩыџьа аурыс хәыҷқәеи.

Махәҿыла мацара акрыуны, аԥсуа ԥҳәыс илылшеит ааҩык ахәыҷқәа рныҟәгара.

Аҭоурых ду змоу, унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз аҭаацәа ирхылҵыз Алик Ажьибеи, иԥшәмаԥҳәыс Арда Кщанџьариаԥҳаи иареи ирааӡеит хҩык ахшара. Иахьа абиԥара ҿа ирылагылоуп, ԥхьаҟа узықәгәыӷша хәҩык имоҭацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0