Аибашьҩы ианвартәи ажәыларазы: игәыҭшьаагахеит

© Foto / Марина БарцыцПереход реки Гумиста
Переход реки Гумиста - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса ианвар 5 рзы Гәымсҭатәи афронт ала аҧсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аҧсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лыҵшәадахеит, аиҭныҧсахрақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5- Sputnik. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа гәыҭшьааган, ианвартәи ажәылараан иҭархаз аибашьцәа хашҭра рықәым, абри атәы лҳәеит амедеҳәшьа, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Ирина Папԥҳа.

Леонид Боџьгәуа. - Sputnik Аҧсны
Боџьгәуа: еснагь сыбла ихгыло - иҭахаз сҵаҩцәа роуп

"Ианвар хәба аҽны амацара акәӡам аибашьра ашықәсқәа рзы имҩаԥгаз ажәыларақәа зегьы гәыҭшьааган. Ианвартәи ажәылараҿы рҽеибыҭаны, Гәымсҭа аӡы ирны ицеит хаибашьцәа, аха иахьынӡахәҭаз иахьыхазыҟаҵамази, амшцәагьеи ирыхҟьаны илҵшәадахеит. Хымыш ҳаибашьцәа рыԥсы шҭаз ҳбон, амандаринақәа рыҵаҟа итәан, хыхьынтә ақырҭцәа реихсон, наҟ ацашьа, арахь ааишьа рымамызт", - хәа лҳәеит Ирина Папԥха.

Аибашьҩы лажәақәа рыла, аԥсуа еибашьцәа бџьарла ишахәҭаз еиқәшәамызт.

"Ҳаҷкәынцәагьы бџьарс ирымази усҟан, цқьа иӷәӷәаӡамызт аԥсуа ир. Мышқәак рышьҭахь иҭҟәаны иҟаз ақырҭуа еибашьцәеи, ианвартәи ажәылараҿи иҭахаз 23- ҩык аҧсуа еибашьцәа - афырхацәа рыҧсыбаҩқәеи еиҭныҧсахлан. Ашьҭахь еилкаахеит аиҭныҧсахларақәа рыҽнынӡа зыҧсы ҭаз 12- ҩык ҳаибашьцәа аҧсуааи аурысқәеи мчыла иҭарханы ишҳаздыргьежьыз. Уи шьақәыргылан аусӡбара-медицинатә гәаҭарала", - ҳәа ацылҵеит уи.

1993 шықәсазы ианвар хәба рзы Гәымсҭатәи афронтала аҧсуаа рҽазыршәеит ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟынтә Аҟәа ахы ақәиҭтәра. Аҧсуа еибашьцәа еиҿыркааз ажәылара лҵшәадахеит, аиҭныҧсахларақәа рыламҭалазы аӷацәа мчыла иҭадырхеит иҭҟәаны ирымаз аҧсуа еибашьцәа. Иара убас ари ажәылараҿы ахәрақәа роуит аԥсуа еибашьцәа аӡәырҩы.

© Фото : Марина БарцицЖанна Гвинджия, Ира Папба, Ляля Аршба. Гумиста, 1992 г.
Аибашьҩы ианвартәи ажәыларазы: игәыҭшьаагахеит - Sputnik Аҧсны
Жанна Гвинджия, Ира Папба, Ляля Аршба. Гумиста, 1992 г.
Ажәабжьқәа зегьы
0