Акәашаратә ансамбль "Амзаҿа" Москва аконкурс аҟны аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит

© Фото : Ольга ДенисоваТанцевальный ансамбль "Амзача"
Танцевальный ансамбль Амзача  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәыҷтәы ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "Рождественская Москва" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 7 - 9 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳаамҭазтәи ахореографиа ахәыҷтәы студиа "Амзаҿа" ахәыҷтәы ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "Рождественская Москва" аҿы аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аколлектив асахьаркыратә напхгаҩы Ольга Денисова.

© Фото : Ольга ДенисоваТанцевальный ансамбль "Амзача"
Акәашаратә ансамбль Амзаҿа Москва аконкурс аҟны аҩбатәи аҭыԥ аннакылеит - Sputnik Аҧсны
Танцевальный ансамбль "Амзача"

Ансамбль "Амзаҿа" шьаҭаркуижьҭеит хәышықәса ирықәуп, аха Москваҟа уажә рцара атәыла анҭыҵтәи раԥхьатәи ныҟәароуп. Асахьаркыратә напхгаҩы лажәақәа рыла "Амзаҿа" аҳәаанырцә ақәгылара аидеиа ыҟазижьҭеи акрааҵуан. Аха анагӡаҩцәа рыҩаӡара еиҳа аҳаракра дазыԥшын.

"Москва уажәтәи аамҭазы иссируп. Аконкурс акәзар цәгьа ибзиан еиҿкаан. Акәашацәа аԥышәа роуроуп, ирыгу ирыбзоу егьырҭ ирҿырԥшны ирбалароуп", - лҳәеит Ольга Денисова.

Аконкурс иалахәын акрызҿуҵааша аколлективқәа.

Акәашаратә ансамбль - Sputnik Аҧсны
Ахәыҷтәы акәашаратә ансамбльқәа "Чагьами" "Амцеи" ахьтәы медалқәа ирыԥсахеит

"Ажиури иалахәын Чехиатәи акәашаҩ, апроект "Танцы" алахәыла. Асеиԥш иҟоу ауаа рдырра акыр иаԥсоуп. Ҳара аконкурс аартра ҳалахәын. Уи ҳаҭыруп" - лҳәеит лара.

Абри ашьҭахь "Амзаҿа" асценахь ицәырҵит аконкурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҩ-кәашарак нанагӡеит ("Прогулки по воде", "Давай дружить").

"Аномер "Давай дружить" Москваҟа ҳцара аламҭалаз иқәҳаргылеит", - лҳәеит Денисова.

Лара лажәақәа рыла "Амзаҿа" аконкурс аҿы ԥыжәарак аиура иазыԥшымызт.

"Аконкурс иалахәхоз, аԥышәа змаз, еицырдыруаз аколлективқәа шыҟаз анызба иааирак ҳгап ҳәа сыҟамызт. Аԥышәа ҳауп, ҳаибадырып ҳәоуп ҳазцаҵәҟьаз. Акыр иџьашьатәхеит иҳауз аԥыжәара", - лҳәеит лара.

Ақәгыларақәа реихшьаалақәа рыла аколлектив аҩбатәи аҩаӡара иалауреатцәахеит.

"Ари акраҵанакуеит аԥхьатәи ацәырҵразы" ҳәа еиҭалҳәоит Ольга Денисова.

Ахәыҷтәы ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "Рождественская Москва" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 7 - 9 рзы. Иараҟны инагӡан 140 хореографиатә номер.

Ажәабжьқәа зегьы
0