Аҩада Ешыра ақыҭан АҶА аиқәырхаҩцәа амашьына асы илыргеит

© Фото : скриншот: Facebook/МЧС АбхазииАиқәырхаҩцәа амашьына асы илыргеит
Аиқәырхаҩцәа амашьына асы илыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АҶА апульт ахь авариа ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит ажьырныҳәа 9 асааҭ 22:30 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Автомашьына "Nissan Patrol" апассаџьырцәа ҩыџьа Аҩада Ешыра ақыҭан ажьырныҳәа 9 рзы асы илахеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

АҶА апульт ахь авариа ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит ажьырныҳәа 9 асааҭ 22:30 рзы. Аҭыԥ ахь ихалеит АҶА ацхырааҩцәа рбригада. Дара ирылшеит амашьына асы алгара. Ауаа Аҟәаҟа рылбаашьҭра.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ Мизан Ломиа иажәақәа рыла иҟалаз еиԥшу ахҭысқәа зыхҟьо Аԥсны шамахамзар аӡынтәи арныҟәгагақәа (резина_аред.) рхы иахьадмырхәо ауп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0