Аныҳәамшқәа раан 200 рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы ауааԥсыра ирыҭан

© Sputnik / Томас ТхайцукАбхазский паспорт
Абхазский паспорт - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аныҳәамшқәа ирылагӡаны Гәдоуҭа араион аҿы еихшан 48 тәылауаҩшәҟәы, Очамчыра араион аҿы – 18 тәылауаҩшәҟәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны 10 рҟынӡа Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә маҵзура аусзуҩцәа 200 рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы ауааԥсыра ирырҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Facebook аҿтәи адаҟьа.

Аныҳәамшқәа ирылагӡаны аҳҭнықалақь аҿы иршеит 100 инареиҳаны тәылауаҩшәҟәы, Гәдоуҭа араион аҿы еихшан 48 тәылауаҩшәҟәы, Очамчыра араион аҿы – 18 тәылауаҩшәҟәы.

Аацҳамҭаҿ иазгәаҭоуп аҽа 7330 тәылауаҩшәҟәы ауаа рыҭаразы ихианы ишьҭоуп ҳәа.

Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апаспорттә маҵзура аныҳәамштә ԥсшьаратә график еиҭакны ауааԥсыра рымаҵ ауан.

Ажьырныҳәа 1 2019 шықәса инаркны ажәытә тәылауаҩшәҟәқәа азинмчра роуам.

Иааидкыланы Аԥсны 140000-ҩык амилаҭ тәылауаҩшәҟәқәа рымазаараны ишьақәыргылоуп.

© SputnikИҟаҵатәузеи Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыц аиуразы
Аныҳәамшқәа раан 200 рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы ауааԥсыра ирыҭан - Sputnik Аҧсны
Иҟаҵатәузеи Аԥсны атәылауаҩшәҟә ҿыц аиуразы

 

Ажәабжьқәа зегьы
0