Фаарықә Ажьиба: аԥсшәа аҵаразы акурсқәа рхысра мацара азхом

© Sputnik / Саида ЖибаФаарук Ажиба
Фаарук Ажиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Имаӡам иахьа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа рыбжьара аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа акырӡа ишхьысҳау. Уи аиқәырхаразы акурсқәа шеиҿкаауагьы, ахархәара азҭо рхыԥхьаӡара рацәам. Ахатәы бызшәа аԥсы ахаҵаразы иҟаҵатәу дазааҭгылоит, 80 шықәса зхыҵуа Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақь инхо Фаарықә Аҳмеҭ-иԥа Ажьиба.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

1990 шықәса алагамҭазы, Фаарықә Ажьиба раԥхьаӡакәны инапайны икуеит- аԥсуа Анбан. Уаҟа ианыз асахьақәеи, рыҵаҟа иаҵыҩҩыз ажәақәеи гәынкыланы, анбанқәа еилирго далагоит, уи алагьы иҵоит алфавит, убас аԥхьашьа, аҩышьа.

Ирфан Ахәаҷба - Sputnik Аҧсны
Ирфан Ахәаҷба: cҵаҩцәеи сареи аԥсшәа еицаҳҵоит

"Ажәытәан, Ҭырқәтәыла инхоз аԥсуа ҭаацәарақәа рыхшара ашкол иҭалаанӡа рхатәы бызшәа заҵәык акәын ирдыруаз. Иахьа, анацәеи, абацәеи, рхәыҷқәеи неибеиԥшны аҭырқәшәа рҳәоит. Џьоукы ус ргәы иаанагоит аҟәыди, абысҭеи ҟарҵозар иаԥсыуаауп, мамзаргьы аԥсрақәеи, ачарақәеи рахь иныҟәозар, аԥсуара рылоуп ҳәа", - агәынамӡара ааирԥшуеит абырг.

Фаарықә Аҳмеҭ-иԥа иазгәеиҭоит, аԥсшәа аҵаразы акурсқәа рхысра мацара азхом ҳәа. Избанзар, аурокқәа ирылагӡаны еицәажәо, акласс ашәхымс ианаахыҵлак, ҩаԥхьа аҭырқәшәахь иианагоит. Ахатәы бызшәа аԥсуаа рхала амч арымҭар, ахархәара ҳҽадмыршьцылар, ирҵо зегьы лҵшәадахоит ҳәа азиԥхьаӡоит иара.

Абырг 80 шықәса дшырҭагылоугьы, Ҭырқәтәыла акалҭ аҟны, ԥсыуак ихатәы бызшәа иҵарц иҭахуп ҳәа иаҳаргьы, игәабзиареи, иаамҭеи дырмеигӡакәа ирҵара иҽазишәоит.

Фаарықә Ажьиба иабду, иаб Ҳаныхә иоуп амҳаџьырра иахнагаз. Дара шьҭрала Гьечрыԥшьтәиқәан, асаӡқәа иреиуан. Қьефқьен ианӡхырга, егьырҭ ахҵәацәа реиԥш имаҷымкәа ауадаҩрақәа рхыргеит.

"Сҭаацәаратә ҭоурых бзиаӡаны издыруазар сҭахгәышьан, аха саб сзыхәыҷыз иԥсҭазаара далҵит, убри аҟнытә исзеиҭазҳәоз дҟамлеит", - иҳәоит игәы иаланы Фаарықә.

Ажьира - Sputnik Аҧсны
Ажьиба - Жьиба руа ииашоузеи: ашәышықәсахь ицо аҭоурых

2009 шықәсазы, Фаарықә Ажьиба раԥхьаӡакәны иџьынџьдгьыл даҭааит. Иара дрысасын аҵарауаа Зураб Џьопуеи, Виачеслав Чрыгбеи, ижәлантәқәеи.

"Жәамш ирылагӡаны Аԥсны сахьынӡыҟаз, уахызаҵәыкгьы асасааирҭаҿы саанымхеит. Сгәы иабари ҳәа исывагьежьуан Зураб Џьопуеи, Виачеслав Чрыгбеи, Жьиаа сашьцәеи. Дара рыбзоурала, стәыла ԥшӡа ахыи-аҵыхәеи збеит, саҟара сыцлеит", - еиҭеиҳәеит абырг.

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар ақалақьи, иаԥну ақыҭақәеи рахь аԥсуаа рыԥсҭазаашьеи, рыбзазареи аҭҵааразы Аԥснынтәи иаауа ажурналистцәеи, аҵарауааи Фаарықә идымҵаало дыҟам. Иара аҩны идикылахьеит Адгәыр Какәоба, Арда Ашәба, Нонна Ҭхәазԥҳа, Саида Џьынџьалԥҳа уҳәа аӡәырҩы. Уи адагьы ақыҭақәа рахь имҩаԥигон, ҭарџьманк иаҳасабала ацхыраара риҭон.

Фаарықә Аҳмаҭ-иԥа иахьа инапаҿы имоуп хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа шәҟәқәа. Аԥсны даныҟаз изышьҭхоз ааигеит, уи нахысгьы иԥсадгьыл аҟнытә изаауа игрыжьуам аԥсуа кьыԥхь.

Филиз Чықьԥҳа - Sputnik Аҧсны
Филиз Ҷықьԥҳа: хымз рыла аԥсышәала аҩышьеи, аԥхьашьеи сҵеит

Арҭ амшқәа рзы, сашьа ду Фаарықә Ажьиба саргьы сисасуп. Абырг дсеигәырӷьаны жәабжькгьы аасхиҳәааит.

- Анкьа зны, Ҭырқәтәыла, ԥсыуа қыҭак аҟны, Ажьиаа рҭаацәара ирыжәлантәыз сасык дрыднагалеит. Ауха иҩныҟа данца, аԥшәма иԥа дизҵаауеит, ари дабанӡаҳзааигәоу ҳәа.

- Уара иузымдырӡоит дахьынӡааигәоу, уи дахьатәу ақыҭахь лассы уцалоит, наиаҭаикызаап аб.

- Мап, ҭынхарала дабанзааигәоу ҳәа ауп сызҿу, даҟәыҵуам аԥа.

- Ужәлантә дуеиҵбызар, уашьеиҵбы иакәхоит, дуеиҳабызар уашьеиҳаб, ҳәа аҭак ҟаиҵазаап аб.

"Ус анакәха, баргьы саҳәшьеиҵбы боуп, бзиала баабеит", - ҳәа наҵеишьит Фаарықә.

Ажәабжьқәа зегьы
0