Ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит Гәдоуҭа азааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны

© Sputnik / Илона ХварцкияМилиция
Милиция - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авариа ҟалеит Приморское ақыҭа иахьаҵанакуа, ажьырныҳәа 19, 18:30 сааҭ рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik, Бадри Есиава. Ҩыџьа ауааԥсыра ҭахеит Гәдоуҭа араион, Приморское ақыҭан иҟалаз авариа иахҟьаны ҳәа шьақәдырӷәӷәеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҿы.

Амҩатә машәыр ҟалеит ажьырныҳәа 19, 18:30 сааҭ рзы.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Гәдоуҭантә Аҟәаҟа амҩа иқәыз автомашьына Nissan Patrol арныҟәцаҩ имашьына аанкылара илымшакәа адәқьан аҭӡы даахеит.

"Амҩатә машәыр иахҟьаны ҩыџьа апассаџьырцәа - 1994 шықәсазы ииз - иара уа рыԥсҭазаара иалҵит. Аԥсҟы зкыз ааха ӷәӷәа имоуит, имҩаԥыргаз агәаҭарақәа рылҵшәақәа ишырҳәо ала, ижәны дыҟамызт", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

Амҩатә машәыр шыҟалаз аҭҵаарақәа ирҿуп Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатә усқәа рыҟәша.

Ажәабжьқәа зегьы
0