Аԥснытәи апальмақәа даҽа ԥырхагак рызцәырҵит

CC BY 4.0 / Didier Descouens / Южноамериканский пальмовый бурильщик
Южноамериканский пальмовый бурильщик - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ицәырҵит алада Америкатәи ахьычԥаԥыр. Жәабала аекзотикатә ҵиаақәа ахҵәара рықәшәеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥснытәи апальмақәа аҽа ԥырхагакгьы рызцәырҵит – Алада Америкатәи ахьычԥаԥыр. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә хеилак ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.

Гагра апальмақәа рыхәшәтәра актәи ахәҭа хырқәшоуп - Sputnik Аҧсны
Гагра апальмақәа рыхәшәтәра актәи ахәҭа хырқәшоуп

Ахьычԥаԥыр рбоит Шәачагьы. Араҟа жәабала аекзотикатә ҵиаақәа ахҵәара рықәшәеит. Аиҳаракгьы иара зчычоу китаитәи апальмоуп. Аԥсны акәзар иара ахьгәарҭахьоу Аҟәеи Гагреи араионқәа рҿоуп, апальма агәыцә иҭаланы аҽаҵәахуеит, иаразнакгьы иубашам.

"Иҟоуп ихшьааз аҵлақәа. Ахьычԥаԥыргьы апальматә бжы еиԥш ауп аҿагылара шаҭаху. Апестицидқәа ҳацҳархыраароуп. Аха макьаназы ахьшәашәара иахырҟьаны уи хәарҭара аҵалом азы ҳаԥшуп аԥхаррақәа рыҟалара", - ҳәа иҳәоит Ҷыҭанаа.

Уаанӡа Аԥсны апальматә бжы ацәырҵра проблеманы иҟан. 2018 шықәса ҭагалан Аԥсны аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә хеилак уи иаҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагон.

"Афиниктә пальма, аслан-пальма, Вашингтониа уҳәа иреиԥшыз апальма дуқәа ракәын аус здааулоз. Уажәы ахьҭақәа ирхырҟьаны аусурақәа аанкылоуп. Ааԥынразы урҭ еиҭарыцаҳҵоит", - ҳәа азгәеиҭоит аеколог хада.

Ажәабжьқәа зегьы
0