"Амцабз" жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла ачемпионат иалауреатцәахеит

© Лев Рыжков"Амцабз"
Амцабз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла ачемпионат мҩаԥысит Москва, ажьырныҳәа 26 - 28 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Амцабз" жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла ачемпионат иалауреатцәахеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит аколлектив анапхгаҩы Лаша Марыхәба.

Ансамбль Амцабз Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Амцабз" Москва иреиӷьу жәлартә коллективуп

Аколлектив жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла ачемпионат ахь инеит абҵара 18, 2018 шықәса рзы имҩаԥысыз жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла Ацентртә федералтә округ Ахраҿаҟны аиааира анырга ашьҭахь. Ачемпионат афинал аҿы ансамбль акәашацәа ицәырыргеит ҩ-кәашарак: "Абхазский перепляс", "Озорные девчата".

"Ачемпионат иалахәын акыр зыҩаӡара ҳаракыз аколлективқәа. Ҳчемпионцәахарц азы маҷӡак ауп иҳагхаз. Ҳхы аус адааулалароуп. Ҳахьынӡанеихьогьы уеигәырӷьартә иҟоуп", - ҳәа иҳәоит "Амцабз" анапхгаҩы.

Марыхәба иажәақәа рыла аколлектив аҳасабырбатә концерт аҽазыҟанаҵоит. Аконцерт мҩаԥысраны иҟоуп Москва, мшаԥымза 21 рзы.

Жәлар рыкәашарақәа рзы Урыстәыла ачемпионат есышықәса имҩаԥысуа хореографиатә еицлаброуп. Имҩаԥыргоит 2015 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0