Урыстәылатәи аруаа уахынлатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аруаа уахынлатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит
Урыстәылатәи аруаа уахынлатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа ирыӡбеит лассы-лассы зҽеиҭазкуа аҭагылазаашьа иақәыршәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргарц.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамаҵзурауаа ирыӡбеит лассы-лассы зҽеиҭазкуа аҭагылазаашьа иақәыршәаны БТР-82АМ 30-миллиметра иҟоу абзарбзанқәа рыла ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргарц. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп х-нызқьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, 150 рҟынӡа арратә техника, акәылӡтәы автомашьынақәа "Тигр"; КамАЗ; "Мустанг" алархәны.

Амотохысцәа рыҟәша еиқәыршәан "Ратник" ала, ахархәара рыҭан аимадагақәа "Стрелец" – ановигациатә система "Глонасс" зықәгылаз.

Уи адагьы аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Нагвалоу", "Майкопский" рҿы атактикатәии анџьныртәии ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргон.

Урыстәылатәи аруаа атехника ҿыц ԥыршәеит

Ажәабжьқәа зегьы
0