Имҩаԥысит Аминистрцәа реилазаара аилатәара

© Sputnik Аминистрцәа реилазаара
Аминистрцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥшьаша, ажьырныҳәа 31 рзы имҩаԥысит Аминистрцәа реилазаара аилатәара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуааи Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәара аминистр ихаҭыԥуаҩи ркандидатурақәа шьақәдырӷәӷәеит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵоуп: рашәара 9 1969 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан ииз Игор Џьениеи, ԥхынҷкәын 19 1977 шықәса рзы Очамчыра араион Река ақыҭан ииз Ҭенгьиз Нарманиеи.

Аԥсны аџьеи, аусурамазаареи, асоциалтә еиқәыршәара аминистр ихаҭыԥуаҩыс лыхьӡ ҳәоуп ажьырныҳәа 11 1984 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы ииз Наала Лакоба.

Ажәабжьқәа зегьы
0