Аԥсныҟа иаарго аимпорттә чалых абаџь иацлеит

© Fotolia / AGphotographerАимпорттә чалых азы абаџь иацлеит
Аимпорттә чалых азы абаџь иацлеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аҳазалхратә шьақәгылаз ақәҵара аԥсахит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсныҟа иаарго аимпорттә чалых абаџь иацлеит. Абри аҩыза аӡбра аднакылеит аԥшьаша, ажьырныҳәа 31 рзы Аминистрцәа реилазаара.

Аминистрцәа реилазаара - Sputnik Аҧсны
Имҩаԥысит Аминистрцәа реилазаара аилатәара

"Ҳазлацәажәо Аԥсныҟа иаарго аимпорттә чалых абаџь ацлароуп. Атауар ахәԥса аҟынтәи 10% ацлоит", - иҳәеит азакәан апроект рыдызгалаз аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба.

Иара иҳәеит асеиԥш зыҟарҵо аҭыԥантәи ааглыхыҩ адгылара иҭаразы шакәу.

"Ҳара ҳахь аҳәара ҟанаҵеит аҳәынҭеилакы "Аԥсныча" иара убасгьы аҭыԥантәи ааглыхыҩцәа. Уаанӡатәи ақәҵара аусура ианалагоз ареспубликаҿы ачалых аҭыжьра аҩаӡара лаҟәын, убри аҟынтәи анҭыҵынтәи иааргон", - ҳәа иҳәеит иара.

Иахьазы, Аԥсны иҭрыжьуа ачалыхи иара ҭзыжьуа рааглыхратә ҩаӡареи аиндаҭларалшара рымоуп ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0