Ансамбль "Каданс" Москва имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аицлабрахь иаарыԥхьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Каданс"
Ансамбль Каданс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
XVI Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы-қәыԥшратә сахьаркыратә ҟазара афестиваль-аицлабра "Иаарту Европа" мҩаԥысраны иҟоуп Москва, 2019 шықәса хәажәкыра 27 инаркны 31-нӡа.

АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik, Бадри Есиава. Ахәыҷтәы музыкатә ансамбль "Каданс" жәларбжьаратәи афестиваль "Иаарту Европа" иалахәразы Москваҟа ааԥхьара роуит, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ансамбль анапхгаҩы Алик Алавердиан.

Ансамбль Каданс. Репетиция - Sputnik Аҧсны
Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҿы "Каданс" аиааира агеит

"Санкт-Петербург имҩаԥысуаз аконкурс "Апланета аԥеиԥш" аҟны аиааира анаҳгаз ашьҭахь, ҳара ҳаарыԥхьеит Москватәи афестиваль "Иаарту Европа" ахь. Уи хьӡы змоу еицлаброуп. Иара аӡбаҩцәас иҟоуп Франциа, Португалиа, Италиа уҳәа егьырҭ европатәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа. Ари афестиваль аҟны аиааира зго Европа имҩаԥысуа ахәыҷтәы музыкатә еицлабрақәа зегьы рҟны алахәразы алшара роуеит", - иҳәеит Алавердиан.

Аха Москваҟа ацара алшо-иалымшо макьана еилкаам, иазгәеиҭоит иара. 12-ҩык ахәыҷқәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ Москваҟа ҳаирпланла рцареи раареи, асасааирҭаҟны рынхареи рыфатәи рзы иаҭахуп хышә нызқь мааҭ инареиҳаны.

Алавердиан иажәақәа рыла, амузыкантцәа ҿарацәа рҭаацәа еизыргар рылшоит шә-нызқь иреиҳамкәа аԥара.

"Аӡәы изыҳәан иаҭахуп 28 нызқь мааҭ. Санкт-Петербург ҳцара ҳалшарақәа зегьы ақәҳарӡит. Уажәазы иаҳзеизго шә-нызқь мааҭ заҵәык роуп. Аиаша шәҭахызар, ҳзыдҵаалашагьы ҳаздырӡом. Аиҳабырахь анеира ҵакы амамӡам, акоммерциатә еиҿкаарақәа рахь акәзар, урҭ еснагь згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ирыцхраауеит азы, арыҳәара ҳгәы иаҳнаҭом", - игәаанагара иҳәеит Алавердиан.

"Иаарту Европа" алахәразы заанаҵтәи арзаҳал ансамбль иашьҭхьеит. Иаарласны иааироуп афестиваль мҩаԥысраны иахьыҟоу асасааирҭа "Космос" аҟны анхареи акрыфареи рзы аԥхьаӡамҭа - 92400 мааҭ. Уи шәатәуп жәабран 15-нӡа.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аԥҵан 2014 шықәсазы. Ари аколлектив ахатәы концерт аманы раԥхьаӡакәны Аԥсны иқәгылеит 2016 шықәсазы. 2017 шықәсазы "Каданс" "Азбука искусств" захьӡу афестиваль аҟны аԥхьахәтә ҭыԥ агеит, ахәыҷтәы лагер "Артек" аҟны ахатә концерт анаҭеит. 2018 шықәсазы Санкт-Петербург имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи амузыкатә конкурс "Апланета аԥеиԥш" аҟны "Каданс" иааннакылеит актәи аҭыԥ.

Амузыкантцәа ҿарацәа агәыҳалалра активла рнапы алакуп. 2018 шықәса абҵарамзазы афонд "Ашана" ацхырааразы агәыҳалалратә концерт Очамчыра имҩаԥыргеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0