Ашәахьа, жәабран 4 инаркны ача ахәԥса 3 мааҭк ацлоит

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара асабша, жәабран 2 рзы ачашыла иреиҳаӡоу, актәи, аҩбатәи асорт иалху ача хаз-хазы аҭираан амаксималтә хәыԥса еишьашәаланы ашьақәыргыларазы ақәҵара аднакылеит.

АҞӘА, жәабран 2 – Sputnik. Ача ахәԥса 3 мааҭк ацлоит ашәахьа, жәабран 4 инаркны, абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аофициалтә саит асабша, жәабран 2 рзы.

Аиҳабыра ақәҵараҟны иарбоуп ачашыла иреиҳаӡоу асорт иалху ача 24 мааҭ ишаԥсахо, ачашыла актәи асорт иалху - 23 мааҭ, аҩбатәи асорт иалху - 22 мааҭ.

Аԥсны Аиҳабыра иара убасгьы ишьақәнаргылеит ахәынҭқарра аҵакырадгьыл алагалараан аҳазалхратә хәԥса иашьашәаланы иԥхьаӡахо ачашылазы узхымԥо иеизаку 15 % иҟоу атауартә хәцҵа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0