Аԥсны аӡбаҩцәа рхашәалеи рмазареи адекларациа рзырулароуп

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезентация новых банкнот Банка России номиналом 200 и 2000 рублей
Презентация новых банкнот Банка России номиналом 200 и 2000 рублей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рхашәалеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу руалԥшьақәеи адекларациа рзуразы" Азакәан амчра аиуит ажьырныҳәа 1,  2019 шықәса рзы. Азакәан аус аурц шалшои иара аӡбаҩцәа ишрыдыркылази атәы Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рхашәалеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу руалԥшьақәеи адекларациа рзуразы ирыдырҵеит. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба 2015 шықәса рзы инапы зҵаиҩыз "Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рхашәалеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу руалԥшьақәеи адекларациа рзуразы" Азакәан амчра аиуит ажьырныҳәа 1,  2019 шықәса рзы.

Адекларациа ҟарҵараны ирыдуп дара аӡбаҩцәа реиԥш рҭаацәарақәа ирылахәугьы: аԥҳәыс ма ахаҵа, зықәра намӡац рыхшара.

"Уажәшьҭарнахыс аус зуа аӡбаҩцәа есышықәса ируалԥшьахоит рхашәалеи рмазареи рзы адырраҟаҵара. Азакәан инақәыршәаны, Аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәа рхашәалеи рмазареи рзы адекларациа нарышьҭуеит атәыла ахада Иусбарҭахь, егьырҭ аӡбаҩцәа – Аԥсны аӡбаҩцәа рконституциатә коллегиахь, есышықәса мшаԥымза 30 иахымгакәа. Атәыла ахада Иусбарҭеи Аԥсны аӡбаҩцәа рконституциатә коллегиеи мызкы аҩныҵҟа адыррақәа ҭырҵаароуп", - ҳәа иҳәоит Аԥсны иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Роман Кәарҷиа.

Рисмаг Аджинджал - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аџьынџьал: ачынуаҩ ихашәалеи иныхтәи рзы адекларациа хаирҭәаароуп

Иара иажәақәа рыла, аӡбаҩцәа адекларациа ҟарымҵар ма ииашам адыррақәа наргар, рзинмчрақәа рхыхра аҟынӡа административтә ҭакԥхықәра иаҵадыргылоит.

Аӡбаҩцәа есышықәсатәи рхашәалеи рмазареи рзы адырраҟаҵара кьыԥхьхьоит Аԥсны иреиҳаӡоу аӡбарҭа аофициалтә саит аҟны.

Азакәан рыдыркылеит аӡбаҩцәа рыбжьара акоррупциа аԥырҟәҟәааразы. Аха уи аус хра аманы иауа иҟалои иҟамлои макьаназы аҳәара уадаҩуп иара дара аӡбаҩцәа рызгьы.

"Алҵшәа шыҟалаша атәы сызшәаҳәом. Аԥсуа ӡбаҩцәа раԥхьаӡа акәны абри аҩыза аус мҩаԥыргароуп. Сгәаанагарала иаразнакы лҵшәа дук аанарԥшып ҳәа сыҟам. Аха адекларациа аӡбаҩцәа Рхеилак аҿы жәа-шықәса иҵәаххоит. Абри аамҭала аӡбаҩ ихашәалеи ихарџьқәеи шеиқәымшәо атәы цәырҵыр аҭҵаара цҵақәа мҩаԥгахоит. Аӡбаҩцәа ауаа зышьҭаԥшуа хаҿқәоуп, ус анакәха амаӡа аҵәахрагьы уадаҩуп", - ҳәа иҳәоит Роман Кәарҷиа.

Зыхьӡ зҳәар зҭахымхаз аҽа ӡбаҩык иажәақәа рыла, адекларациа ахәарҭара маҷуп, зкорррупциатә хымҩаԥгашьа зӡар зҭаху – иӡоит.

"Адекларациаҟаҵара лҵшәа дук аиуп ҳәа сыҟам. Ааи, ахашәала ахылаԥшра алшоит, аха аныхрақәа ирхылаԥшуада? Дарбанызаалак илшоит ифеида аҵәахра. Абри азы аҳәынҭқарратә ԥара аныхра аԥсаны избом. Акоррупциа иашьцылаз иусура дамхтәуп, ма ашьауӷатә ҭакԥхықәра идҵатәуп", - ҳәа иҳәоит аӡбаҩ.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра аӡбаҩцәа рхашәалеи, рмазареи, амазаратә ҟазшьа змоу руалԥшьақәеи адекларациа рзуразы" Азакәан амчра аиуит ажьырныҳәа 1,  2019 шықәса рзы.

Иахьатәи аамҭазы аус зуа аӡбаҩ ддепутатхар, аполитикатә партиақәа дырлахәылахар ҟалом, анаплакытә усура азин имам.

Ажәабжьқәа зегьы
0