Аԥсны агәамсам апроблема аӡбра рҭахуп

© Sputnik / Илона Хварцкияагәамсам
агәамсам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АРСМИРА имҩаԥысит ацрыҵ кьакьақәа рзы аполигон аргылара иазкыз апресс-конференциа.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны иалацәажәоит ацрыҵ кьакьақәа рзы агәам-самтә полигон аргылара. 2018 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы атәыла ахада Рауль Ҳаџьымба адҵа ҟаиҵеит абзазаратә црыҵ кьакьақәа рзы агәам-самтә полигон ргылахарц.

Миквабиа еиҭеиҳәеит Аԥсны агәам-сам азы иргылахо аполигон зеиԥшрахо

Аԥсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Игор Амқәаб апресс-конференциаҿы иҳәеит аполигон азы аҭыԥқәа рыԥшаара ишаҿу. Макьаназы авариантқәа хԥа аус рыдырулоит Гәылрыԥшь, Очамчыра, Гагра араионқәа рҿы.

Амқәаб ишиҳәо ала аҭҵаарақәа рылкаақәа жәабранмза анҵәамҭазы еилкаахоит.

Свалка. - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭатәи агәам-сам ақәхра: иазоужьуп 10 миллион мааҭ аԥара

"Атәыла ахадара адҵа ҳарҭеит излалшо ала апроект, адокументациа аус рыдуланы аусурақәа ҳрылагарц. Аусурақәа мҩаԥгахалоит аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡани ареспубликатә биуџьет ацхырааралеи", - ҳәа еиҭеиҳәоит Миквабиа.

Аполигон 12-12 гектар иҟоу амҽхакқәа фба рыла ишьақәыргылахоит. 30 шықәса инарзынаԥшуа арахь ацрыҵ аагаразы алшара ҟалоит.

Ипроблеманы Амқәаб далацәажәоит ауааԥсыра ацрыҵқәа рзы аполигони агәамсамеизакырҭеи ахьырзеиҩымдыраауа.

"Агәамсамкажьырҭақәа рҿы хкырацәала еилоу агәамсам наргоит. Еилымхкәа. Дасу иахьихҭашәо икаижьуеит. Аполигон акәзар, уи аҽакуп. Арахь аполигон ҟаҳҵараны иахьарбоу ааигәа инхо ауааԥсыра уи иақәшаҳаҭым. Ҳәарада изҭаху ыҟам. Еиҳаракгьы агәамсам ахьыҟоу асанитартә ҭагылазаашьа ҟалом ҳәа иахьырыԥхьаӡо азы. Аха адагь ԥсыхәа ыҟамеи", - иҳәоит иара.

Амқәаб иара убасгьы иазгәеиҭеит аполигон аргылара анормақәа ирықәшәо аҟаҵара шхымԥадатәиу. Иара аҭахрақәа рҳәаа иҭымҵуазароуп. Апроект ала иазыԥхьагәаҭоуп аӡымҩахгагақәа, арыцқьаратә ргыларақәа, адизенфекциа, алашара. Ауаа реиланхарҭа ианеиҵаха километрак иацәыхаразароуп.

"Аконструкциа иазыԥхьагәанаҭоит аҵәахраан агәам-сам иахьуа апроцессқәа зегьы. Иҳаргыло гәамсамеизакырҭам. Ҳара иахьынӡалшо ацрыҵқәа шәарҭадаҳтәыроуп. Иахьазы иреиӷьу вариантны иаабо Гәылрыԥшь араионоуп. Владимировка ақыҭа. Уажәы уа иҟоуп араион иатәу агәамсамеизакырҭа маҷ. Аҭыԥ Кәыдры аӡиас акыр иацәыхароуп, ауаа рынхарҭагь иазааигәам. Агидрологцәа рылкаақәа ҟарҵароуп. Урҭ ара аполигон аргылара аекологиаз иԥырхагоуп рҳәар аҽа ҭыԥк ҳаԥшаароуп", - ҳәа иҳәоит иара.

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит агәам-сам кажьырҭа азҵаара еиҭа ауаа ргәы иҵхоны изыҟалаз

Игор Миквабиа иажәақәа рыла иахьатәи аамҭазы ауаа даарак иргәаԥханы ашәарақәа мҩаԥыргом агәамсам ақәгаразы. Иршәозаргьы акыр имаҷуп. Убри азы аиҳарак абри аус аԥаразоужьра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0