"Аӷа" идесант иацәыхьчан Аԥсны амшын аԥшаҳәа

© Sputnik / Саид Царнаев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАррамаҵзурауаа разыҟаҵара
Аррамаҵзурауаа разыҟаҵара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа разыҟаҵара аилкааразы имҩаԥыргеит агәаҭарақәа. Ауснагӡатә иалахәын зықьҩык инарзынаԥшуа аррамаҵзурауаа.

АҞӘА, жәабран 22 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа  амшын аԥшаҳәа "аӷа" идесанти иӷбақәеи ирцәырыхьчеит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит арратә округ апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Тактические учения ЮВО в Волгоградской области - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа идесант" ҭадырхеит

"Актәи аетап аан аштаттә техникала имҩаԥган 100-километрактәи аныҟәарақәа. Аныҟәараан адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа рқәыларақәа аԥырҟәҟәаан", - ҳәа еиҭеиҳәоит Астафиев.

Мчыбжьык иназынаԥшуа имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа ирылахәын арратә техника 500 ак, зықьҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82АМ, артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа", амцажәҵара ареактивтә системақәа "Град".

Вадим Астафиев иазгәеиҭеит, агәаҭарақәа реихшьаалақәа инарықәыршәаны, ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар, аррамаҵзурауаа разыҟаҵара 20 процент ишазҳаз.

Урыстәылатәи аруаа уахынлатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аррамаҵзурауаа апсихологиатә гәаҭарақәагьы ирхыжьын, ҳаамҭазтәи акомпиутертә система ахархәарала. Асолдаҭцәа рморалтә ҭагылазаашьа ахәшьара аҭан.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0