"Кьараз" 13-ҩык ахшара ран лзы аԥареизгара хацнаркит

© Sputnik Республиканская больница
Республиканская больница  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" ихацнаркит 13-ҩык ахшара ран Зиты Цацуа лыхәышәтәразы аԥареизгара.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Зита Цацуа Кындыӷтәуп –13-ҩык ахшара дрануп. Лҭаацәара хылаԥшра арҭоит афонд "Кьараз". Жәабран 14 рзы Зита, лхаҵа, ԥшьҩык рхәыҷқәа амҩатә машәыр иақәшәеит.

Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи афонд Кьараз адгылара анаҭоит - Sputnik Аҧсны
Миллионк мызкы: "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" афонд "Кьараз" адгылара анаҭоит

"Ахәылбыҽха, асааҭ 17:30 рзы адәқьан ахь ҳааит. Илашьцахьан. Мықәтәи ацҳаҟынӡа ҳнеихьан. Ацҳа уахьнықәсуа акамбашьқәа ҳԥылеит, аԥсҟы  сымпыҵҟьеит, руак сасит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аслан Чехлаӡе.

Зита дахьтәаз аганахь ала ааха лоуит.

"Аԥхьа ахәыҷқәа ҭызгеит. Ихәахәа-чахәан аха шәарҭара рыламызт. Зита лакәзар лхы лыздырамызт. Аԥхьа дыԥсыз џьысшьеит. Лхы санҩаха ашьа лҿыҵит. Дансырҵысы аԥсыԥлагаҩагара далагеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит Зина лхаҵа.

Убри аамҭазы Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭаҟынтә ацхыраара ласы рыхьӡеит. Зита Аҟәатәи ареспубликатә хәышәтәырҭахь амҩа дықәҵан.

Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Воуба иажәақәа рыла ачымазаҩ лҭагылазаашьа бааԥсын, акыр дхәахәа-чахәан.

Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" ахәыҷқәа ашкол ахь рышьҭра иацхраауеит

"Аԥхьа ҳзылмыхәар ҳәа ҳшәеит. Лхала лыԥсыԥ лзылыгыҩагомызт. Дшааргаҵәҟьаз аоперациа напа аҳаркит. Хымш ааҵуаны ареанимациа аҟынтәи апалатахь диаган", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Уажәы Зита Цацуа лҭагылазаашьа еиӷьуп аха макьаназгьы дызцәажәом. Иаҭахны иҟоуп аҽа операциа дук. Воуба иажәаәқа рыла заҟа заанаҵы аоперациа рзыҟаҵо аҟара алҵшәа бзиахоит. Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿ аоперациақәа зегьы хәыда-ԥсадоуп, аха уажәы уа ирымам еиуеиԥшым аоперациашьҭахьтә хархәагақәа, аматериалқәа аҭахуп.

"Макьаназ аоперациақәа заҟа ҭаххо атәы ҳазҳәом. Хымԥада инарҭбаау операциак шылҭаху атәы аабоит, уигьы лҭагылазаашьа иалнаршозар. Иҟалоит аоперациа хәҭа-хәҭала еихаҳшар. Ахәышәәтырҭаҿ аоперациақәа хәыда-ԥсадоуп аха аныхратә материал ҳамам. Ара уи ҷыдоуп: атитантә пластинақәа, ашурупқәа", - ҳәа еиҭеиҳәоит аҳақьым хада ихаҭыԥуаҩ.

Зита лҭаҳцәа ракәзаргьы лыцхыраара рцәыуадаҩуп. Ахшара рацәа ран афонд "Кьараз" хылаԥшра лнаҭоит. Хҩык ахәыҷқәа рышықәс наӡоуп, егьырҭ маҷқәоуп. Иреиҵыбӡоу быжь-мзы дырҭоуп. Аҭаацәара раб иааиԥмырҟьаӡакәа усурҭа имам.

"Уаанӡа арԥхаратә нхамҩаҿ аус зуан, аха саҟәырхит. Уажәы иахьсымԥыхьашәо аус зуеит. Аиҳарак амашьынақәа аремонт рзызуеит", - иҳәоит Аслан Чехлаӡе.

Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" Зита Цацуа лыхәышәтәразы аԥареизгара хацнаркит. Зита Цацуа лыцхраара шауа атәы аилкаара алшоит афонд "Кьараз" Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0