Амармалташьтә пты аизгара иалагоит хәажәкыра 4 инаркны

Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрреи урыстәылатәи рколлегацәеи ааԥынтәи адгьылтә усурақәеи аԥырхага ҟазҵо ахәаҷа-маҷа ақәгареи ирызку азҵаарақәа рганахьала аилацәажәара мҩаԥыргоит.

АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Амармалташь пты аизгара иалагоит хәажәкыра 4 инаркны иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа аилацәажәараҿы.

"Амармалташьтә пты аизгара иалагараны иҟоуп Аԥсны араионқәа хԥа – Галтәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи араионқәа рҿы", - иҳәеит иара.

Мраморный клоп - Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩа аминистрра апты аҿагыларазы быжь-миллионк ршәара иазыхиоуп

Абри ауснагӡатә ашьҭахь ахимиатә хәышәтәра мҩаԥгахоит.

Уи азы аминистрра иамоуп 30 инарзынаԥшуа ахәшәқәҭәагатә трактор, иара убасгьы абӷакыдҵа шәырақәа.

Жәабран 27 рзы Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба инапы аҵаиҩит ақыҭанхамҩа аԥырхага азҭо амармалташь пты иаҿагыланы ауснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы аусшәҟәы. Уи инақәыршәаны, ақыҭанхамҩа анапы ианҵоуп аусутә гәыԥ аиҿкаареи ауааԥсыра аԥара рызшәареи рызҵаарақәа.

Уи адагьы, ишьақәыргылоуп кьылак амармалташьтә пты ахәԥса зықь мааҭ ақәҵазарц. Абри азы Ақыҭанхамҩа аминистрра 2019 шықәсазтәи абиуџьет иалаҵоуп быжь-миллионк мааҭ.

Краснодартәи атәылаҿацә ацитрусқәа рыхьчараҿы Аԥсны ацхыраара анаҭоит

Атәыла амассатә информациа ахархәагақәа рнапы ианҵоуп ауааԥсыра ирыладырҵәарц ари ажәабжь. Ауснагӡатә ахылаԥшра адуп ареспублика Ақыҭанхамҩа аминистрра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0