Ҟарачы-Черқьесиеи Аԥсныи: ахәаԥшцәа "еицразҵоз" ахәмарра мҩаԥыргеит

© Sputnik / Аинар ЧитанааҞарачы-Черқьесиеи Аԥсни
Ҟарачы-Черқьесиеи Аԥсни - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҵәышәымпыл азы Ҟарачы-Черқьесиа иеизгоу аветеренцәа ркомандеи Аԥсны иеизгоу акомандеи еицыхәмарит Очамчыратәи аспорттә хан аҟны. Аиҩызаратә хәмарра Аԥсны аҩбатәи ахада, Аԥсны амҵәышәымпыл афедерациа актәи ахада Сергеи Багаԥшь игәалашәара иазкын.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ахәмарра иалагаанӡа асасцәеи аԥшәмацәеи ақәҿиарақәа рзеиӷьалшьеит Аԥсны абаҩрҵәыреи аспорти рҳәынҭқарратә хеилак аспорт ҟәша анапхгаҩы Жанна Занҭариаԥҳа. Лара иазгәалҭеит Ҟарачы-Черқьесиатәи амҵәышәымпыл асыҩцәа еснагь ааԥхьара шрыдыркыло, сынтәагьы лакҩакрада аара ишақәшаҳаҭхаз.

"Гәахәара дууп Нхыҵтәи ҳашьцәа ҳааигәа иахьыҟоу, аус бзиа ҳахьеицаҿу. Ҳәарада, ҳгәы ҳнархьуеит иахьатәи ахәмарра зызку ауаҩы ҳааигәа дахьыҟам. Аха зегьакоуп, Сергеи Уасил-иԥа иахьа иԥсы ҭаны дышҳалагыламгьы, ҩаԥхьа аспорт абзиабаҩцәа ҳаизигеит. Аамҭа хьанҭақәа аныҟаз Аҳәынҭқарра анапхгараҭараҿеиԥш, аԥсуа мҵәышәымпыл азгьы иибаз аџьабаа атәы ҳәашьак амам. Анцәа иџьшьаны, уи иацызҵаша, аспорт ԥхьаҟа изгаша иахьагьы иҳамоуп", - лҳәеит Занҭариаԥҳа.

Дук мырҵыкәа игеит ашәыршәыр абжьгьы. Аԥсны иеизгоу акоманда иаагәоуҭартә аҿарацәа мацара рыла еизган. Ихәмаруаз рхыԥхьаӡараҟны иҟан аӡәык-ҩыџьак 14-15 шықәса зхыҵуаз амҵәышәымпыл ахәмарҩцәагьы. Абасала, Очамчыратәи "апаркет" аҟны еиқәшәеит аԥышәеи, аҿареи, аилҟьареи атехника ҳараки. Аха черқьессктәи ахәмарҩцәа рықәра зынӡаскгьы ирынмырԥшкәа, аԥсуа рԥарцәа ирыҵамхо, аки-аки еишьҭаргыланы ажәыларақәа мҩаԥыргон. Аамҭа-аамҭала ахәмарра еихсыӷьуан, аха минуҭк ашьҭахь аҩмҵәышәкгьы харантәи иршәыз ампылқәа анырҭашәалакь, ахәаԥшцәагьы "неицралон".

Жанна Зантария - Sputnik Аҧсны
Арадио
Занҭариаԥҳа амҵәышәымпыл ачемпионат азы: имҩаԥааго рҟынтә ихадароу иреиуоуп

Актәи аикәшара алагамҭазы аветеранцәа аԥыжәара рнапахьы иаарган, 21:14 ҳәа ԥхьаҟа ацара рылдыршеит. Аха аԥшәмацәагьы рыхәмарра еиҳа еиҿыркаан, аикәшара анҵәамҭазы изындаҭлоз рҽырзааигәартәит. Ахәмарра актәи ахәҭа хыркәшахеит 19:22 ҳәа, асасцәа риааирала.

Аҩбатәи аикәшара шалагазҵәҟьа, аҩгәыԥкгьы еиԥшны ахәмарра бзиа аарԥшра рылшеит. Мацәысеимҟьарак еиԥш ирласны аԥсуа хәмарҩцәа имҩаԥыргоз ажәыларақәа, ишәа-иза ажәылара ԥшӡақәа рыла аҭак ҟарҵон асасцәагьы. Абасала, ахәмарра аҩбатәи ахәҭа ахыркәшамҭазы аԥшәмацәа ирыман 30 кәатала, асасцәа - кәаталак ала еиҳаны.

Ахԥатәи, аԥшьбатәи аикәшара излаҳнарбаз ала, егьаумҳәан, ақәра иара атәы ҟанамҵар амуит. Избан акәзар аветеранцәа маҷ-маҷ ирыхьӡаз рааԥсара рхы иархәаны аԥсуа рԥарцәа аԥхьаҟа алҵра рылдыршеит. Ахԥатәи ахәҭа нҵәеит 54:44 ҳәа, аԥшәмацәа аԥыжәара рыманы.

Багаԥшь игәалашәара иазку атурнир аҟны аиааира ргеит Черқьессктәи аспортсменцәа - Sputnik Аҧсны
Багаԥшь игәалашәара иазку атурнир аҟны аиааира ргеит Черқьессктәи аспортсменцәа

Аҵыхәтәантәи аԥшьбатәи ахәҭаҿы аԥсуа хәмарҩцәа ирымаз аԥыжәара еиқәдырхеит, 74:63 ҳәа ари аиҩызаратә хәмарраҿы аиааира рылшеит.

Асасцәа ркоманда азыҟаҵаҩ хада, Ҟарачы-Черқьесиа Зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза Иури Маремкулов иажәақәа рыла, сынтәа Аԥсныҟа хәмарра иааз аизгаҿы ихәмаруеит Урыстәыла иреиҳау алигаҿы иқәгыло, СССР ахаангьы иреиҳау алига иалахәыз ахәмарҩцәа. Насгьы иара иҳәеит Аԥсныҟа дара ркоманда есышықәса ишаауа, ҷыдала Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ихьӡ зху аицлабрақәа рҿгьы изныкымкәа аиааира шрылшахьоу.

"Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи сареи ибзианы ҳаибадыруан, пату еиқәаҳҵон. Убри аҟнытә иара ихьӡ зху аицлабра ҳахьалахәу, хаҭала сара сзы игәалашәара амырӡра, ихьӡ анаӡаӡатәра ауп иаанаго. Сара избарҭоуп Сергеи Уасил-иԥа инижьыз абиԥара абаҩхатәра ду шрылоу, ахаарԥшрагьы ишазхиоу. Хымԥада, урҭ аԥеиԥш бзиа рзыԥшуп", - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада.

Излеилкаахаз ала, черқьессктәи амҵәышәымпыл асыҩцәа ркоманда аԥхьагылагьы Сергеи Уасил-иԥа хаҭала дидыруан, еицҭырххьаз афотосахьагьы аҩны ишимоу дахыҽхәаны иҳәеит. Насгьы Владимир Карагодин иазгәеиҭеит, Аԥсны аҩбатәи ахадеи иареи амҵәышәымпыл аицыхәмарра иахьахьымӡаз иахьанӡагьы даара игәы ишалоу.

"Иахьа ҳазцыхәмаруаз арԥарцәа ахәмарра бзиа аадырԥшит, гәык-ԥсык алагьы ирыдысныҳәалоит. Ҳара ҳакәзаргьы, шьҭа ҳхәыҷқәам, аха ишҳалшоз ала ҳахәмарит, атәыла ҳазмырбгазаргьы", - даалафит аветеран.

Ҟарачы-Черқьесиа иеизгоу аветеранцәа ркомандеи Аԥсны иеизгоу акомандеи еицыхәмарит Очамчыратәи аспорттә хан аҟны. Аиҩызаратә еицлабра Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь 70 шықәса ихыҵра иазкын.

© Sputnik / Аинар ЧитанааҞарачы-Черқьесиеи Аԥсныи: ахәаԥшцәа "еицразҵоз" ахәмарра мҩаԥыргеит
Ҟарачы-Черқьесиеи Аԥсныи: ахәаԥшцәа еицразҵоз ахәмарра мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Ҟарачы-Черқьесиеи Аԥсныи: ахәаԥшцәа "еицразҵоз" ахәмарра мҩаԥыргеит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0