Ерика Кәарҷиаԥҳа Самаратәи аобласт аҿтәи аиндаҭлараҿы аиааира лгеит

© Фото : ГКМСЕрика Кәарҷиаԥҳа аиааира лгеит
Ерика Кәарҷиаԥҳа аиааира лгеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Астолтә ԥқьаҭ асразы Самаратәи аобласт аиндаҭлара мҩаԥысуан хәажәкыра 2-3 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 2004 шықәса рзы ииз арԥарацәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара астолтә ԥкьаҭ асразы Самара имҩаԥысуаз аиндаҭлараҿы Ерика Кәарҷиаԥҳа аиааира лгеит.

"Афинал аҟынӡа аиԥыларақәа хԥа мҩаԥызгеит. Аԥхьатәи ҩба марианы сырхысит, ахԥатәи акыр иуадаҩын. Саҵахома ҳәа сыҟан, аха азыҟаҵаҩ сгәы шьҭихит. Схы снапаҿы аагара сылшеит", - ҳәа еиҭалҳәоит аԥкьаҭ асыҩ Sputnik аинтервиу аҭо.

Афинал аҿы Ерика 3:1 ҳәа аиааира лылшеит.

Эрика Кварчия заняла первое место по настольному теннису - Sputnik Аҧсны
Ерика Кәарҷиаҧҳа Жәларбжьаратәи атурнир аҿы актәи аҭыҧқәа аанылкылеит

"Афинал аҿы Карина Козловеи сареи ҳаиндаҭлон. Сара сзы ари раԥхьатәи иааироуп. Уаанӡа актәи ҳәа сыхьӡ рымҳәацызт", - лҳәоит лара.

Хәажәкыра 7 рзы Ерика акомандатә еиндаҭларақәа рылахәхаразы Москваҟа дцоит. Уи ашьаҭахь Приволжтәи афедералтә округ аҿы имҩаԥысуа аиндаҭларақәа дрылахәхоит.

Ерика Кәарҷиаԥҳа аԥкьаҭ дасуеижьҭеи ԥшьышықәса ҵуеит. Лара ишылҳәо ала, абри аспортхкаҟны аиааирақәа ргара гәҭакыс илымоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0