Очамчыратәи аԥсыӡ зауад аҿы амцакра зыхҟьаз еилкаауп

© Foto / МЧС АбхазииВозгорание склада рыбзавода в Очамчыре, 4 марта 2019
Возгорание склада рыбзавода в Очамчыре, 4 марта 2019 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла, Очамчыратәи аԥсыӡ зауад аԥхасҭа иаиуз 120 миллион мааҭ артәоит.

АҞӘА, хәажәкыра  12 – Sputnik. Очамчыратәи аԥсыӡ зауад аҿы ахала амцакра ҟалеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА Очамчыра араион аҿтәи амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

"Аԥсыӡ шыла ахала амца ацралеит. Аҳауа анмаҷу ашыла амца акыр алшоит. Ашыла аҵәахра анормақәа еилаган", - ҳәа иҳәоит иара.

Аҵәахырҭа аусзуҩцәа рыҿцәажәараан еилкаахеит азауад аҟны уаанӡагьы асеиԥшқәа шыҟалахьаз, аха амцарцәаҩцәа намыԥхьакәа рхала арцәара шрылшалоз.

Сатбей Гиндия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гындиа еиҭеиҳәеит Очамчыра аԥсыӡзауад аҵәахырҭаҿы амцакра шыҟалаз

"Аусуҩцәа ҳанрыҿцәажәоз еилкаахеит ашыла ахьеиқәызынтәи амцакра ишалагаз", - иҳәеит Ԥачлиа.

Иара иажәаәқа рыла, азауад ацәыӡ ду аиуит. Ашыла рацәаны иԥхасҭахеит амцакраан еиԥш амца андырцәозгьы.

Аԥсны АҶА Очамчыра араион аҿтәи амцарцәаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа иҳәеит азауад зхатәу заанаҵтәи рыԥхьаӡарақәа рыла Очамчыратәи аԥсыӡ зауад аԥхасҭа иаиуз 120 миллион мааҭ артәоит ҳәа.

Азауад аҿы амцакра аҭыԥ аман хәажәкыра 4 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0