Приморское ааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит

© Foto / Предоставлено очевидцемПриморское ааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит
Приморское ааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьыжь, асааҭ 9:25 рзы Приморское ааигәара амҩатә машәыр ҟалеит.

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Гәдоуҭа араион, Приморское ақыҭа ааигәара иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аԥсыҭбарақәа ҟалеит ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзураҟынтә.

1981 шықәса рзы ииз ахаҿы зыԥсҟы икыз амашьына ВАЗ-21015 Аҟәантә Гәдоуҭаҟа ахы хан. Амҩан аԥсҟы зкыз иԥсҟы импыҵҟьаны аҵла дасит. Амашьына аԥсҟы зкызи макьаназ зықәра шьақәыргылам иҷкәыни ҭахеит.

Ареспублика апресс-маҵзураҿы ишырҳәаз ала аҭыԥ ахь инеиит АҶА Гәдоуҭатәи аҟәша аусзуҩцәа. Урҭ амашьын ԥҟаны иҭахаз ҭыргеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0