Аиндаҭлара "Живая классика" аиааиҩцәа "Артек" Аԥсны ахьӡала иқәгылоит

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Артек"
Артек - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхьаҩцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара амилаҭтә хәҭа мҩаԥысит Аҟәа, хәажәкыра 11 рзы. Аиндаҭлара иалахәын 77 школхәыҷ.

АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥхьаҩцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара амилаҭтә хәҭаҟны аиааира згаз "Артек" апутиовкақәа роуеит афинал ахь инеиразы ҳәа еиҭалҳәоит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахаҭарнак Наталиа Каиун.

"Аиндаҭлара 77-ҩык ахәыҷқәа алахәын. Ажиури иалыркааит хҩык: абжьаратә школ №6 аҵаҩы Милена Чаилиан, абжьаратә школ №10 аҵаҩы Анастасиа Аиба, абжьаратә школ №7 аҵаҩы Алексеи Улыбин. Арҭ ахҩык "Артекҟа" анаԥхьара роуит", - ҳәа еиҭалҳәоит Каиун.

Лара лажәақәа рыла аиндаҭлара аиҿкааҩцәа дара рныхрақәа зегьы ирыҵагылоит.

Алахәылацәа ахьырацәаз инамаданы ажиури аҽа фҩык алыркааит. 4 -10 аҭыԥқәа зауз ироуеит алшара аҵаратә проект "Здравствуй Россия" аҽалархәразы. Уи рыдагьы даҽа хҩык аиндаҭлара алахәылацәа иранаршьеит адипломқәеи аҳамҭақәеи.

Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр Артек иаҭоуп - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы центр "Артек" иаҭоуп

"Аиндаҭлара 10 шықәса инаркны изхыҵуа рзы ишеиҿкаазгьы иаҳзааиз ҳарзымӡырҩыр ауамызт. Убас, Очамчырантәи иаҳзааз, аа-шықәса зхыҵуаз Ирена Погосиан исахьаркны атекст даҳзаԥхьеит", - ҳәа лҳәоит Каиун.

Аԥхьаҩцәа ҿарацәа Жәларбжьаратәи реиндаҭлара амилаҭтә хәҭа Аԥсны имҩаԥысуеит 2018 шықәса инаркны. Апроект шьаҭаркуп Урыстәыла аҵара аминистрра, Россотрудничество, "Роспечать", афонд "Русский мир", афонд "Живая классика", акультуреи аҟазареи рыдгыларала.

Аиндаҭлара ажиури иалахәын: Аԥсны жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Нина Балаева, "Россотрудничество" ахаҭарнак Анжела Ақаҩԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0