Аԥсны ААР Украина ҳтәылауаа ирзыҟанаҵаз асанкциақәа ахҳәаа рынаҭеит

© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Аминистрцәа реилазаара ахыбра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ахыбра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура асанкциақәа аланагалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олег Аршбеи рганахьала.

АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олега Аршбеи рганахьала иаланагалаз асанкциақәа ахҳәаа рызнауит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа аофициалтә саит.

Киевтәи амчрақәа Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа азхарымҵозаргьы, имҩаԥырго асанкциақәа ҵаҵӷәы рымам ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Убри аан аминистрраҿ иргәаладыршәеит урҭ алхрақәа Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа ишырҿамгыло.

Тамаз Гогия - Sputnik Аҧсны
Гогьиа Киев иҟанаҵаз асанкциақәа рзы: усеиԥш егьа ҳхаагахьеит

"Иумбарц залшом Украина лассы имҩаԥысраны иҟоу атәыла ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьаз агәҭынчымра шрыҵоу. Украина аполитикатә дивидендқәа аиурц, ареитинг еизнарҳарц аҽазышәара мҩаԥнагоит, убри аан Донбасс ауаажәлар ргәаанагареи урҭ рекономикатә ҭагылазаашьеи ирызхьаԥшуам", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи рмаҵзура асанкциақәа аланагалеит Аԥсны Ацентртә алхратә комиссиа ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиеи, Апарламент адепутат Алмасхан Арӡынбеи, Адәныҟатәи аусқәа рминисттра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Олега Аршбеи рганахьала.

Донбасс имҩаԥысуаз алхрақәа ирылахәын 14 тәыла рҟынтәи 50-ҩык анаԥшыҩцәа. Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла иазгәаҭан алхратә процесс аҟны еилагара ыҟамызт ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0