Аԥсны ахада иалхразы арыцхә шьақәыргылоуп

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраалхрақәа
алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәара мҩаԥысит мшаԥы 4 рзы, аԥшьаша.

АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада далырхраны иҟоуп 2019 шықәса, ԥхынгәы 21 рзы. Абри аҩыза аӡбра рыдыркылеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәараҿ, мшаԥы 4 рзы, аԥшьаша. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Азакәан апроект иколлегацәа ирыдигалеит Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа. Иара иазгәеиҭеит иахьатәи атәыла ахада имаҵзура дшахагылаз цәыббра 25 2014 шықәса рзы. Атәыла Аконституциа инақәыршәаны алхрақәа мҩаԥысроуп рашәара 25 ма ԥхынгәы 25 ирыбжьакны.

Апарламентарицәа Баҭал Табаӷәуеи Рауль Лолуеи ажәалагала ҟарҵеит ԥхынгәы 14 рзы алхрақәа мҩаԥгазарц. Дара – арҭ алхратә ҭыԥқәа реиҳарак ашколқәа рҿы ауп иахьаартхо, уа аус зуагьы арҵаҩцәа ракәхоит, ус анакәха урҭ рзакәантә ԥсшьарамшқәа ирԥырхагахар ауеит ҳәа ахырҳәааит.

Бжьыҭирала, алхрақәа ԥхынгәы 21 рзы имҩаԥагазарц азы рыбжьы рҭиит 20-ҩык адепутатцәа, уи иаҿагылан рыбжьы рҭиит 11-ҩык, аӡәы абжьыҭира иҽацәхьеикит.

Ажәабжьқәа зегьы
0