Викториа Аиԥҳа аоперациа иаарласны илзутәуп

© Sputnik / Сария КварацхелияВикториа Аиԥҳа
Викториа Аиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит аԥареизгара жә-шықәса зхыҵуа Викториа Аиԥҳа лзы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Викториа Аиԥҳа ашкол дҭоуп, асахьаҭыхра даара бзиа илбоит, дкәашоит, амультфильмқәа дрыхәаԥшуеит, аха убри аан ацәажәара лылшом "волчья пасть" ҳәа захьӡу, илыциз ачымазара ахьлымоу азы.

Амелия Князева - Sputnik Аҧсны
Ихьшәахаанӡа ацхыраара: ҩымз зхыҵуа Амелиа лзы аԥареизгара хацыркуп

Асеиԥш амалыр зманы ииуа ахәыҷқәа аԥсыԥ лагаҩагара, акрыфара рцәыуадаҩуп, рыкапан иацлом, ҿиарала рықәлацәа изрыхьӡом, лассы-лассы еиуеиԥшым ачымазарақәа шьҭыркаауеит.

Вика лҭаацәа аԥхьа рхала лыхәышәтәра рҽазыркит, аха илҵшәадахеит. Аӡӷаб лышықәсқәа цацыԥхьаӡа лхы ҟәнылшьо далагеит.

"Вика есҽны аԥынгылақәа лоуеит. Лцәажәара ԥкуп. Лыкрыфара маҷуп. Илҭахыҵәҟьогьы ҳзеилкаауам", - ҳәа еиҭеиҳәоит лабду Едуард Ванаба.

Аҳақьым Нар Ҭаниа иажәақәа рыла Вика лчымазара ахҟьа-ԥҟьақәа ацуп.

"Вика лҿыҵа еидиаауп. Лыԥсыԥлагаҩагара уадаҩуп. Лцәажәара атәы ҳәара аҭахым, иԥкуп. Лҩызцәа, лықәлацәа рҿы лызҳара аҭагылазаашьа цәгьоуп. Уи адагьы лҿы иҭалҵо лԥынҵахь ала икылсыр ауеит", - ҳәа иҳәоит Ҭаниа.

© Sputnik / Сария КварацхелияВикториа Аиԥҳа
Викториа Аиԥҳа аоперациа иаарласны илзутәуп - Sputnik Аҧсны
Викториа Аиԥҳа

Викториа Аиԥҳа аоперациа иаарласны илзутәуп. Москва, ахирургиаз ахәыҷтәы центр аҿы илзыԥшуп.

"Аоперациа шьаҭаркыла деиҭанакуеит. Лықәлацәа зегьы дреиԥшхоит. Аоперациа аамҭа анахара ҟалом. Илызҳацыԥхьаӡа лхы дацәыԥхашьо дҟалоит. Иахьагьы акыр ихьшәахахьеит лыхәышәтәра" ҳәа иҳәоит Нар Ҭаниа.

Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иаанартит аԥареизгара жә-шықәса зхыҵуа Викториа Аиԥҳа лзы. Аоперациаз иаҭахны иҟоуп 285 нызқьмааҭ аԥара.

150 нызқьмааҭ еизгоуп Москва ақалақь аҿы ансамбль "Иаирума" имҩаԥнагаз агәыҳалалратә концерт иалҵшәаны.

Викториа Аиԥҳа ишлыцхраатәу атәы еилышәкаар алшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0