"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори

© SputnikНасыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори
Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Нестор Лакоба ихьӡ Аԥсны реиҳа ҳаҭыр-пату зықәҵаны, бзиабарыла еиҭарҳәо акоуп. Аҟәа иреиҳау амҩадуқәа руакгьы иара ихьӡ ахуп. Иара абри амҩаду иангылоу аҩнаҟноуп Нестор Лакоба иҭаацәа, иԥшәмаԥҳәыс Сариа, иԥа Рауф иманы дахьынхоз.

Sputnik

Ари аҩны 1909 шықәсазы, Лорис-Меликовскаиа амҩаҟны игылан (усҟан ус акәын ишахьӡыз). Абырзен малуаҩ, аҭаҭын аусхк знапы алакыз, аҩбатәи агильдиа иатәыз аҭуџьар Онуфри Иван-иԥа Бостанджогло иҭаацәа рынхаразы абри аҩны аргылара нап алеикуеит. Адиле Абас-оглы ишылҳәо ала ари аҭыԥ иацәыхарамызт Бостанджогло хԥаны еихагылан иҟаз иҭаҭын фабрика ахыбрагьы.

© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы “Моя Абхазия... Моя судьба”Сариеи Нестори рыҩны
Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори - Sputnik Аҧсны
Сариеи Нестори рыҩны

Аҩны аргылара инапы ианҵан анџьныр Иван Бегич. Аҩны ажәытә фотосахьақәа еиқәымхеит, аха аҵыхәтәантәи аԥшрагьы иуанаҳәон Бегич инапкымҭа улаԥш шыхнахуаз атәы. Аҭуџьар Бостанджогло 1917 шықәса рзы аҩны иааирхәеит Гулианц ҳәа Ҭырқәтәылантәи иахыҵыз ерманык. Иара убри аамҭазы Гулианцраа иаархәеит Бостанджогло иҩны иавагылаз аҽа ҩныкгьы. XX ашәышықәса алагамҭаз араҟакәын иахьыҟаз ақалақь аҟны еицырдыруаз Френкель иаԥҭека.

Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны
Арадио
Гәыбаз: сабду игәараҭа Нестор Лакоба итәарҭан игыларҭан

Ақалақьуаа ирҳәон аҩнқәа рыҩбагь Нестор Лакоба ирҭоит ҳәа, аха Нестор игәыҭбаара ааирԥшит. Иара дақәшаҳаҭхеит аҩнқәа руак аанкылара, аха иара убри аан егьи – аԥшәмацәа Гулианцраа ирзынхозар. Абри атәы лыҩуеит Адиле Аббас-оглы лышәҟәы "Не могу забыть" аҟны. Сариа Лакоба лашьа иԥҳәыс Адиле, лҩымҭақәа рыла иаҳзынлыжьит хәызмаӡам адыррақәа, агәалашәарақәа.

Нестори Сариеи рыҩны, ааи, Нестори Сариеи рыҩны- насыԥ змаз ҩнраны иҟан. Араҟа еиҭаҳәатәуп Лакоба Бостанджогло иособниак зегь шаанимкылаз. Урҭ руадақәа аҩбатәи аихагылаҟны акәын иахьыҟаз. Быжь-уадак ыҟан араҟа инхон Сариа лаҳәшьа Назиа, лашьа Мусто, лааӡамҭацәа ҩыџьа Лизеи Марусиеи.

Адиле Аббас-оглы аҩны егьи ахәҭаҟны дынхон. Аҩнаҟны абиблиотека ду ыҟан. Нестори Рауфи ирыман рхатә библиотекақәа. Рауф афранцыз бызшәа иҵон. Иара ишәҟәқәа рыгәҭа иҟан Лавренти Бериа ҳамҭан ииҭаз, Жиуль Верн иҩымҭақәа рколлекциа, аоригинал абызшәала.

Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Ахьӡ-Аԥша аорден а-2-тәи аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы - Sputnik Аҧсны
Сталинтәи арепрессиақәа ирцәынхаз: Адиле Аббас-оглы 98 шықәса лхыҵит

Сариа лхаҭа лакәзар, аҵара бзиа лыман, акыр ашәҟәқәа дрыԥхьахьан. Аббас-оглы Лакобаа руадақәа реиҿартәышьа абас далацәажәоит: "Акрыфарҭа агәҭаны игылан еихых-еиҵых аишәа ду, аҭӡамц ааигәара – абуфеҭ, егьи аганахь ала — адивани ҟәардәқәаки. Аганахьшәа апатефон зықәгылаз астол. Ауаџьаҟ аҿаԥхьа Нестор атәара бзиа ибон. Асасааирҭа ҩнымаҭәа татала ирхиан. Агәҭа игылан Рауф дахьыхәмаруаз ароиаль.

Сариа аҭаацәара бзиа ирылҵыз лакәын. Баҭымтәын. Нестори лареи еибадырит иара уаҟа иҽаниҵәахуаз. Лара усҟан жәохә-шықәса лхыҵуан. Иара — зеижә. Бзиа еибабаз Нестори Сариеи бналаны Аԥсныҟа иааит.

Сариа Нестор иҩызара зықәнагоз лакәны дҟалеит. Ирҳәоит Сталин ихаҭа аӡәы дидикыломызт ҳәа. Иара иоуп апатефонгьы ҳамҭас илызҭаз. Иара убасгьы Сталин иҳамҭан автомашьынагьы.

© Foto / из книги Адиле Аббас-оглы “Моя Абхазия... Моя судьба”Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариеи
Насыԥ змаз аҩны: ара инхон Сариеи Нестори - Sputnik Аҧсны
Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариеи

Нестори Сариеи рыҩнашәқәа еснагь иаартын асасцәа рзы. Арахь иааиуаз рацәаҩын. Урҭ зегьы ирзыӡырыҩуан, ирыцхраауан.

1936 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Нестор Қарҭҟа иаалырҟьаны иԥхьеит. Сариа диццар шылҭахызгьы димгеит. Ауха ҵхыбжьон аҭел абжьы геит, аԥсӡыбааԥсгьы аанагеит Нестор дыԥсит ҳәа. Абар уи Адиле Аббас-оглы лышәҟәаҟны ишылыҩуа: "Сариа дааԥшит. Ддәылҵны Назиа длазҵаауа далагеит "аҭел иасуадаз" ҳәа. Назиа "Қарҭ аӡә дыԥсит аха ихьӡ сзеилымкааит" лҳәеит. Сариа абарҵахь даннеи ашҭаҟны ауаа днарылаԥшит. В. Лакоба, В. Амԥар, К. Семерджиев уҳәа рыхқәа рыкәаҽ еилагылан. Сариа данырба инеиҵақьызқьызит. Ларгьы иҟаз еилкааны арҵәаа ааҭлыргеит…"

Нестор иԥсыбаҩ анаарга, Сариа маӡала аҳақьым диԥхьеит. Аԥсы данԥырҟа ирбарҭахеит ашҳам – ациантә кали шилаз. Насшәа еилкаахеит уи ахьынтәаанагазгьы. Нестор имашьынарныҟәцаҩ еиҭеиҳәеит Лавренти Бериа иҩнаҟынтәи данигоз Нестор "сыршьит" ҳәа ажәазаҵәык шиҳәаз.

Иџьашьатәым ари аҩны Нестор Лакоба иҩны-музеины иахьыҟаз. Аха 1992-1993 шықәсқәа раан аҩнгьы ааха аҭан, аекспонатқәагьы акыр ԥхасҭатәын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0