Аҟәатәи асасааирҭа "Леон" Швеицариатәи аԥхьахә аиуит

© Foto / предоставлено Гиви ЧамагуаАхаҭабзиаразы 21-тәи аконвенциа International Star for quality иаиааиз аԥхьахә рыҭара ацеремониа
Ахаҭабзиаразы 21-тәи аконвенциа International Star for quality иаиааиз аԥхьахә рыҭара ацеремониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаҭабзиаразы 21-тәи аконвенциа International Star for quality мҩаԥысуан Женева мшаԥы 13-14 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Аҟәатәи асасааирҭа "Леон" ахаҭабзиаразы аԥхьахә аиуит ахаҭабзиаразы 21-тәи аконвенциа International Star for quality аҟны, абри атәы еиҭеиҳәеит асасааирҭа аиҳабы Гиви Чамагәуа.

"Аиҿкааҩцәа рыҽҳамардан, иҳарҳәеит Қырҭтәыла иҟоу асасааирҭақәа рыбжьара ҳара ҳтәы аҭааҩцәа еиҳа еиӷьны ирзыҟоуп, уи дара рзы еиҳау рбагоуп ҳәа. Уи анҳаҳа, ираҳҳәеит ҳара Қырҭтәыла акәым, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа ҳшыҟоу, ақырҭуа сасааирҭа аҳасабала ҳақәдыргылозар, ҳшалахәымхо раҳҳәеит. Убри ашьҭахь аиҿцәажәарақәа аанкылан", - иҳәеит иара.

Аха мышқәак рышьҭахь аконвенциа аиҿкааҩцәа ҩаԥхьа асасааирҭа "Леон" аиҳабыра рыҽрымардан, иаарыԥхьеит аусмҩаԥгатә ахь. Убри аан аԥсуа сасааирҭа ахаҭарнакцәа ражәалагала иадгылеит.

Аԥсны аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Реиҳа аԥсшьара ахьымариоу атәылақәа рреитинг Аԥсны алашәеит

"Сара аиҿкааҩцәа ирасҳәеит Аԥсны Швеицариа хәыҷ ҳәа ишашьҭоу. Убри азыҳәан дара рҿы сыҩны сыҟоушәа сгәы ишабо. Алахәылацәа зегьы рхы ддырдыруан, дара робиектқәа рыӡбахә рҳәон, астол гьежьқәа мҩаԥысуан, ҳаргьы урҭ зегьы ҳрылахәын", - еиҭеиҳәоит Чамагәуа.

Гиви Чамагәуа иажәақәа рыла, аиҿкаара International Star for quality ахаҭарнакцәа хаҭала асасааирҭақәа гәарҭоит.

"Урҭ ҳара ҳсасааирҭаҟны аамҭала инхозаарын, анаҩс ахаҭабзиара акритериқәа рыла иаиааизгьы далыркааит", - азгәеиҭоит иара.

Ахаҭабзиаразы 21-тәи аконвенциа International Star for quality – BID иеиҿнакааз аԥызареи ахаҭабзиара анапхгараҭареи рыҿиара апрограмма иахәҭакуп. Акомпаниа BID 30 шықәса инареиҳаны ахаҭабзиара акультура аларҵәареи, арҵареи, алагалареи рзы адунеи зегь аҟынтәи зусхк аҟны аԥыжәара змоу аиҿкаарақәа рыбжьара аусура мҩаԥнагоит.

Аԥсны аԥсшьаразы асасааирҭақәа рыхәԥса 2018 шықәсазы ишыҟаз еиԥш иаанхоит

 

Ажәабжьқәа зегьы
0