"Риҵеи" "Самырзаҟани" еиҭахарыла ихәмарит

© Sputnik"Риҵеи" "Самырзаҟани" еиҭахарыла ихәмарит
Риҵеи Самырзаҟани еиҭахарыла ихәмарит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат ахԥатәи аикәшара аҳәаақәа ирҭагӡаны мшаԥы 16 рзы Гал ақалақь астадион аҿы "Риҵеи" "Самырзаҟани" еиҭахарыла ихәмарит.

АҞӘА, мшаԥы 17– Sputnik, Бадри Есиава. Гал ақалақь астадион аҿы "Риҵеи" "Самырзаҟани" 2:2 ҳәа, еиҭахарыла ихәмарит. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа адиректор Витали Федоренко.

"Ахәмарырҭа-дәы шыҟац иаанхеит, ахаҭабзиара амам. Ампыл аанкылара уадаҩын. Актәи атаим 1:1 ҳәа ихыркәшан, аҩбатәи атаим аҿы ҩ-мпылк ҭадыршәит", - ҳәа иҳәоит Федоренко.

Ампылқәа ҭадыршәит: "Самырзаҟан" ахәмарыҩ Васили Матуа, (45-тәи 90-тәи аминуҭқәа рзы), Инар Гамисониа (40-тәи аминуҭ), Виктор Ԥимԥиа – (49-тәи аминуҭ).

Ажәабжьқәа зегьы
0