Арӡынба: Аԥсны азыхиоуп Ҟрымҟа абӷанҷ анашьҭра аизырҳара

© Foto / mineconom-raАԥснытәи аделегациа Ҟрым ахада Сергеи Аксионов иԥылеит
Аԥснытәи аделегациа Ҟрым ахада Сергеи Аксионов иԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ҟрыми рыбжьара аидарамҩангара азҵаара иалацәажәан аԥшьаша, мшаԥы 18 рзы, Иалтатәи афорум амҩаԥысраан.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Ҟрым ахада Сергеи Аксионови Иалтатәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны иалацәажәеит Аԥсныи, Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Ҟрыми рыбжьара аидарамҩангара азҵаара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика министрра асаит.

Даур Аршба - Sputnik Аҧсны
Даур Аршбеи Ҟрым аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩи еиԥылеит

Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит ареспубликақәа рыбжьара активла аҿиара шрымоу ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа. Убас, Аԥснынтәи Ҟрымҟа имҩаныргоит автомашьынатә мҩа "Таврида" ашьҭаҵараҟны рхы иадырхәо аинерттә материалқәа.

Арӡынба иажәақәа рыла, Аԥсны азыхиоуп Ҟрымҟа инарышьҭуа абӷанҷ миллион тонн рҟынӡа аизырҳара.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба агәыӷра ааирԥшит аганқәа рыбжьара излацәажәо апланқәа зегьы нагӡахап ҳәа.

Аԥсныи Ҟрыми ахәаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, агуманитартә усхк аҟны русеицуразы аиҳабырабжьаратә комиссиа 2019-2021 шықәсазтәи аусура аплани аԥкаанҵеи рнапы рыҵарҩит 2018 шықәса рзы. Иара убасгьы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум - 2019 аҿы "Аԥсны амшынӷбаныҟәареи" "Амшынеиқәатә круизқәеи" аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Ультрамарафонец начал 190-километровый забег по новой трассе Таврида в Крыму - Sputnik Аҧсны
Ҟрым ԥхынҷкәын 31 рзы аусура иаладыргоит амҩахәҭа "Таврида"

Уи аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Урыстәылеи ркурортқәа рыбжьара акруизтә еимадара хацыркхараны иҟоуп 2020 шықәса рзы. 2019 шықәса рзы аусура иалагоит раԥхьатәи агәаҭаратә ныҟәарақәа аӷба "Князь Владимир" ала, иара уажәы Шәача-Новороссиск-Иалта-Севастополь-Шәача амаршрут ала иныҟәоит. Уажәшьҭа Аҟәагьы абарҭ ақалақьқәа ирыцлоит.

Изаамҭанытәиу Иалтатәи аекономикатә форум мҩаԥысуеит 2019 шықәса, мшаԥы 18 - 20 рзы. Иалахәхараны иҟоуп адунеи атәылақәа 100 рҟынтәи 3000-ҩык алахәылацәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0