Шьамтәыла анапхгара: Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ҳареи ҳусеицура ҳарҿиалоит

© Foto / Пресс-служба Президента Республики АбхазияШьамтәылеи Аԥсныи рбираҟқәа
Шьамтәылеи Аԥсныи рбираҟқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәылеи, Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицура ахырхарҭақәа акыр ирацәоуп, иҭбаауп ҳәа иҳәеит Шьамтәыла Аекономикеи адәныҟахәаахәҭреи рминистр Самер Аль-Халиль.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Дамаск ақәгәыӷуеит Шьамтәылеи, Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара аусеицура еиҳа-еиҳа аҽарҭбаалап ҳәа. Уи азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегь иҟоуп, алшарақәагьы рацәоуп ҳәа иҳәеит Шьамтәыла Аекономикеи адәныҟахәаахәҭреи рминистр Самер Аль-Халиль Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны.

"Сара агәра згоит ҳусеицура ԥхьаҟагьы ишацҵахо, Шьамтәылеи, Аԥсныи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара анапы зҵаҩу аекономикатә еиқәышаҳаҭрақәа шьаҭас иҟаҵаны. Хәышықәса рыҩнуҵҟа ҳара иҳаԥшааит уи азы иақәнагоу амҩақәа", - шьамтәылатәи аминистр иажәақәа аанагоит РИА Новости.

2018 шықәсазы, Аԥсны ахада иофициалтә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны анапы рыҵаҩын аиқәшаҳаҭрақәа хԥа. Урҭ рҟынтәи ҩба аҳәынҭқаррақәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла реинырразы аилакқәа раԥҵароуп иззырхаз. Аиқәшаҳаҭрақәа руак баџьдатәи аилахәаахәҭразы аусеицура иазкуп. Уажәазы аус здыруло апроектқәа ракәзар, аекономикатә усеицура шьаҭас ирзыҟалоит.

Аԥсныи Шьамтәылеи рыбжьара аекономикатә усеицурази аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп>>

 

Ажәабжьқәа зегьы
0