Аԥсны атәылауаҩ Шәачатәи аҳазалхраҿы аҵарҭышаҭаразы 12 шықәса иқәырҵар ҟалоит

CC0 / / Абаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаҵа даанкылан аҵарҭышатә ԥара анриҭоз аамҭазы.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсны атәылауаҩ иганахьала ашьаус хацдыркит иара 300 000 мааҭ аҵарҭыша Шәачатәи аҳазалхра аусзуҩ иахьидигалоз инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи атранспорттә прокуратура асаит.

Коза, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Аҳазалхыҩцәа ацха аконтрабандеи амаҵзурауаҩ аҵарҭыша иҭареи аԥдырҟәҟәааит

"Атәымтәылауаҩ, зганахь ала Шәачатәи аҳазалхратә усбарҭа ашьаус хацнаркыз, аҳазалхратә шәарақәа ршәара иҽрыцәхьакны аусҭҵаара мҩаԥызгоз ахаҿы 300 000 мааҭ идигалеит ҵарҭышаҳасабла", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахаҵа даанкылан аԥара анриҭоз.

Иахьазы абри аганахьала аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит. Аусҭҵаарақәа рымҩаԥысшьа хылаԥшра анаҭоит шәачатәи атранспорттә прокуратура.

Урыстәыла ашьауӷатә закәанеидкыла ахәҭаҷ "Амаҵзурауаҩ аҵарҭыша иҭара" иазԥхьагәанаҭоит 12 шықәса рҟынӡа аҭакра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0