Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

© Sputnik / Томас Тхайцукархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 17 рзы Аҟәа араион Гәымсҭа ақыҭан идырым хҩык ауаа ахаҵа дырӷьычит.

АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзуреи русзуҩцәа ирӷьычыз ахаҵа, Омар Мерцхәылаа иԥшааразы аоператив-усҭҵаарақәа анеицымҩаԥыргоз ирбеит автомашьына "Mercedes-Benz". Амашьына рыԥшаати асовхоз "Субтропик" агаражтә хыбрақәа рҿы. Абир атәы аҳәоит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра асаит.

© Сайт МВД РАГәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

Азинхьчаратә органқәа русзуҩцәа амашьына асалон иҭыргеит абџьар, аџьаԥҳаны, акомуфлиажтә форма, асабардақәа, анапҭырԥақәа. Иара убасгьы амашьына абагаж иҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә номерқәа.

Аҩбатәи агараж аҿы ирбеит уаанӡа имҵарсыз автомашьына "Lexus".

Аусҭҵаара адыррақәа рыла, мшаԥы 17 асааҭ 22:40 рзы, 1979 шықәса рзы ииз Мерцхәлаа Омар Даҭикәа-иԥа ихатәы машьына Mercedes-Benz Sprinter ала апассаџьыр диманы Гәымсҭа ақыҭа Ешыратәи амҩала дымҩасуан. Амашьына ааныркылеит автомашьына шкәакәа иҭыҵыз, акомуфлиаж форма зшәыз, асабрадақәа зҿаз, бџьарла еибыҭаз хҩык ахацәа. Урҭ Мерцхәлаа имашьына дҭыганы дыргеит.

Аҟәа араион апрокуратура ашьаус хацнаркит. Ахҭыс аҭагылазаашьақәа макьаназы идырзом, рыҭҵаара иаҿуп.

© Сайт МВД РАГәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп - Sputnik Аҧсны
Гәымсҭа ақыҭан ахаҵа дызӷьычыз рмашьына акәзар ҟалоит ҳәа агәызҩара ззыҟоу ԥшаауп

 

Ажәабжьқәа зегьы
0