Очамчыра адиспансеризациа: 63-ҩык ҳуааԥсыра Урыстәыла ацхыраара роур алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукОчамчыра адиспансеризациа: 63-ҩык ҳуааԥсыра Урыстәыла ацхыраара роур алшоит
Очамчыра адиспансеризациа: 63-ҩык ҳуааԥсыра Урыстәыла ацхыраара роур алшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ауааԥсыра рзеиԥш диспансеризациа хацыркын 2019 шықәса мшаԥы 5 рзы.

АҞӘА, мшаԥы 24– Sputnik. Очамчыра адиспансеризациа иахысыз 63-ҩык Урыстәылатәи аклиникақәа рахь ишьҭхоит ргәабзиара аҭагылазаашьа аҭҵаарази рыхәышәәтрази. Абри атәы еиҭалҳәеит Очамчыра ацентртә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Мадонна Кьышьмариаԥҳа.

"Зынӡа Очамчыра араион аҿы адиспансеризациа иахысит 2150-ҩык араион ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 45-ҩык хәыҷқәоуп. Абарҭ рхыԥхьаӡараҟынтәи 27-ҩык апациентцәа Аԥсны аҩныҵҟа ацхыраара рырҭараны иҟоуп, 63-ҩык ҳуааԥсыра Урыстәыла аклиникақәа рҿы ацхыраара роур алшоит", - ҳәа лҳәоит аҳақьым хада.

Лара лажәақәа рыла аиҳарак ауаа ирыдбалаз аендокринологиатә, агинекологиатә, аблабаратә, агәы-адатә уҳәа ачымазарақәа роуп.

Очамчыра ауааԥсыра ауснагӡатә рхы аладырхәит ҳәа лҳәоит Кьышьмариаԥҳа. Лара лгәаанагарала адиспансеризациа аҿҳәара инахазар еиҳагьы иманшәалахон, аамҭа маҷын.

Дмитрий Габлия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Габлиа Гәылрыԥшь араион аҿы адиспансеризациа азы: иазалху амшқәа маҷуп

Очамчыратәи ахәыәшәтырҭа аҳақьым хада ишылҳәо ала ауааԥсыра рдиспансеризациа хышықәса рахь знык имҩаԥгалатәуп. Ари иалнаршоит ианаамҭо ауаҩы ичымазара илаҽаанӡа аарԥшра.

Аԥсны ауааԥсыра рзеиԥш диспансеризациа хацыркын 2019 шықәса мшаԥы 5 рзы. Гал араион аҿы адиспансеризациа мҩаԥысит мшаԥы 5 - 11 рзы, Тҟәарчал араион аҿы – мшаԥы 11 - 16 рзы.

Урыстәыла Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) аҟазацәа рыбригада, 2018 шықәса ԥхынҷкәын азы Аԥсны агәабзиарахьчара асистема аҿиара ацхрааразы аиқәшаҳаҭрақәеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Вероника Скворцовеи Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиеи реинырреи инарықәыршәаны Аԥсныҟа иааит ареспублика ауааԥсыра адиспансеризациа рахыжьразы.

Афедералтә медицина-биологиатә маҵзура (ФМБА) аҟазацәа рыбригада напхгара аиҭоит амедицинатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Владимира Уиба.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0